Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иҭоуба шьҭеиҵеит

Аԥсны ахадас иалху Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысуеит Аԥсны ахада Иусбарҭа аконференц-зал аҿы. Аԥсны иалху ахада ҿыц Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысраны иҟоуп ауаа рацәа адымгалакәа, атәылаҿ иҟоу аҭагылазаашьа инадҳәаланы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 23 – Sputnik, Бадри Есиава. Иахьа, мшаԥы 23 рзы Аԥсны ахадас иалху Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысит Аԥсны ахада Иусбарҭа аконференц-зал аҿы.

"Ҭоуба зуеит, сымч-сылша, схы-сыхшыҩ, сыԥсҭазаара зегьы Сыԥсадгьыл, сыуаажәлар рымаҵ аура ишазыскуа, сыжәлар ирымҭаны снапаҿы иҟало амчра ҳҳәынҭқарра Аконституциа, иахьатәи уи амш, уаҵәтәи уи апеиԥш рыхьчараз схы ишасырхәо. Жәлар рылахь соуааит иԥшьоу абри ахақәкы сацәхьаҵны саныҟала. Иа Анцәа ду, суҳәоит, Сыԥсадгьыли сыуаажәлари рымаҵ аураҿы амчи алшареи суҭарц!" - иҳәеит Бжьаниа.
Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иҭоуба шьҭеиҵеит

Аԥсны ахада иҭоубашьҭаҵара азакәан инақәыршәаны имҩаԥысуеит АКХ аҵыхәтәантәи алкаақәа анрыланаҳәа аҽны инаркны 30 мшы рышьҭахь.

Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 22 рзы. Алхрақәа рҟны аиааира игеит Аслан Бжьаниа, иара изы иарҭеит 56,5% абжьқәа. Адгәыр Арӡынба иоуит 35,42% бжьы, Леонид Ӡаԥшьба – 2,22%, зегьы ирҿагыланы – 1,75%.