Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иҭоуба шьҭеиҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукИнаугурация Аслана Бжания
Инаугурация Аслана Бжания  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахадас иалху Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысуеит Аԥсны ахада Иусбарҭа аконференц-зал аҿы. Аԥсны иалху ахада ҿыц Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысраны иҟоуп ауаа рацәа адымгалакәа, атәылаҿ иҟоу аҭагылазаашьа инадҳәаланы.

АҞӘА, мшаԥы 23 – Sputnik, Бадри Есиава. Иахьа, мшаԥы 23 рзы Аԥсны ахадас иалху Аслан Бжьаниа иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысит Аԥсны ахада Иусбарҭа аконференц-зал аҿы.

"Ҭоуба зуеит, сымч-сылша, схы-сыхшыҩ, сыԥсҭазаара зегьы Сыԥсадгьыл, сыуаажәлар рымаҵ аура ишазыскуа, сыжәлар ирымҭаны снапаҿы иҟало амчра ҳҳәынҭқарра Аконституциа, иахьатәи уи амш, уаҵәтәи уи апеиԥш рыхьчараз схы ишасырхәо. Жәлар рылахь соуааит иԥшьоу абри ахақәкы сацәхьаҵны саныҟала. Иа Анцәа ду, суҳәоит, Сыԥсадгьыли сыуаажәлари рымаҵ аураҿы амчи алшареи суҭарц!" - иҳәеит Бжьаниа.
© Sputnik Томас ТхайцукАԥсны Ахада иҭоуба атекст
Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иҭоуба шьҭеиҵеит - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Ахада иҭоуба атекст

Аԥсны ахада иҭоубашьҭаҵара азакәан инақәыршәаны имҩаԥысуеит АКХ аҵыхәтәантәи алкаақәа анрыланаҳәа аҽны инаркны 30 мшы рышьҭахь.

Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 22 рзы. Алхрақәа рҟны аиааира игеит Аслан Бжьаниа, иара изы иарҭеит 56,5% абжьқәа. Адгәыр Арӡынба иоуит 35,42% бжьы, Леонид Ӡаԥшьба – 2,22%, зегьы ирҿагыланы – 1,75%.

Ажәабжьқәа зегьы
0