Аконцлагерқәа ирҭакыз афинн-оккупантцәа рыцәгьоурақәа ҭҵаазарц аҳәара ҟарҵоит

Апроект "Ҿҳәарада" аҳәаақәа ирҭагӡаны иаарԥшын асовет ҭынчуаа рганахьала афинн-фашистцәа рыцәгьоурақәа. Ашәахьаҽны Ашьаусҭҵааратә еилакаҟны аусҭҵаара хацыркын.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 24 — Sputnik. Карелиа иҟаз финтәи аконцлагерқәа рҟны иҭакыз Ашьаусҭҵааратә еилакы ахантәаҩы Александр Бастрыкин иахь аҳәара ҟарҵеит Аџьынџьтәылатә еибашьраан аоккупациатә мчрақәа рхымҩаԥгашьа ҭҵаазарц.

Аконцлагер аҿтәи атҟәа дазыхиоуп афиннцәа рыцәгьоурақәа шаҳаҭра азылурц>>

Уаанӡа апроект "Ҿҳәарада" аҳәаақәа ирҭагӡаны иаарԥшын асовет ҭынчуаа рганахьала афинн-фашистцәа рыцәгьоурақәа. Ашәахьаҽны Ашьаусҭҵааратә еилакаҟны аусҭҵаара хацыркын.

"Ҳара, анаҩс знапынҵамҭақәа гылоу Петрозаводск ақалақь аконцентрациатә лагерқәа рҟны иҭакыз, зыԥсы ҭоу шаҳаҭцәаны ҳаҟоуп афинн-оккупантцәа имҩаԥыргоз ацәгьоурақәа рзы. Аҳәара ҟаҳҵоит урҭ ацәгьоурақәа ҭҵааны ахара зхароу аҭакԥхықәра иақәыршәазарц", - ҳәа аҳәоит Валентина Мошникова, Тамара Кардаш, Ленина Макеева, Галина Чапурина рарзаҳал.

Арзаҳал авторцәа иазгәарҭеит афинн-мпыҵахалаҩцәа "аҭынч уааԥсыра милаҭла еилыхны ишындырҵәоз, ишдыргәаҟуаз".

Ауаҩытәыҩсатә гыгшәыгра: мшаԥы 11 Афашисттә концлагерқәа рбаандаҩцәа ирымшуп

Дара ражәақәа рыла, арежим анапхгара имҩаԥыргоз ацәгьоурақәа рзы иарбанзаалак ҭакԥхықәрак ишаҵаргыламыз. Убри аан ацәгьа зуаз рыхьӡқәа, рыжәлақәа, рчын иахьазы аҳәара шыуадаҩу.

Карелиа-Финтәи ССР иахьаҵанакуаз 1941-1944 шықәсқәа рзы иаԥҵан жәабала аконцентрациатә лагерқәа. 1942 шықәса мшаԥымза алагамҭазы арҭ алагерқәа рҟны иҭакын 24 000-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра.

Армаӡара зхыхыз архивқәа рдыррақәа инарықәыршәаны уа иҭакыз реиҳараҩык славианцәан. 90 процент — аурысқәа, абелорусаа, украинаа ракәын.

Аҭоурыхдырыҩцәа рыхәшьарала алагерқәа иааидкыланы 50 000-ҩык инареиҳаны иҭакын.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: