Ауаҩытәыҩсатә гыгшәыгра: мшаԥы 11 Афашисттә концлагерқәа рбаандаҩцәа ирымшуп

© Sputnik РИА Новости / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАуаҩытәыҩсатә гыгшәыгра: мшаԥы 11 Афашисттә концлагерқәа рбаандаҩцәа ирымшуп
Ауаҩытәыҩсатә гыгшәыгра: мшаԥы 11 Афашисттә концлагерқәа рбаандаҩцәа ирымшуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мшаԥы 11 Афашисттә концлагерқәа рбаандаҩцәа ирымшны иԥхьаӡоуп. Иртҟәаз ауааԥсыра ргәаҟны, ахлымӡаахҵәҟьа ахьырхыргоз аҭыԥқәа рахь инанагақәаз аԥсуаагьы ыҟоуп. Урҭ иреиуоу Мас Еныкь иҭоурых ҳадылгалоит Саида Жьиԥҳа.

Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра уаналацәажәо, иуаҩужьуа акәны иҟам ауаҩы адунеи дықәнагалеижьҭеи аиԥш зеиԥшу агыгшәыгра ихы иаҭәаишьаз аконцлагерқәа рыӡбахә. Афашисттә Германиеи иадгылаз атәылақәеи рнапахьы иааргахьаз аҵакырақәеи рҟны жәиԥшь нызқь инарзынаԥшуа абахҭақәеи, геттои рнаҩс миллионла ауаа ргәаҟны иахьҭаршьуаз аконцлагерқәа гылан. Убраҟа иҭакызи ишьызи ирылан ҳтәылауаа рхаҭарнакцәагьы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Аҭоурых аӡыбларақәа зкьысыз, згәы кылблаау ҳажәлар ихьаа дуны ирзыҟалеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡагьы. Аӷа ихымца рыԥсҭазаара ҿахнаҵәеит 17 нызқьҩык инареиҳаны ҳабдуцәеи урҭ рабацәеи. Ухаҿы иузаамго ахлымӡаах иҭагылан афашисттә концлагерқәа ирықәшәазгьы. Аԥсны 2016 шықәса раахыс аус зуа жәларбжьаратәи арра-патриоттә проект "Ахьӡ архынҳәра" автор Григори Скворцов иажәақәа рыла, 33-ҩык Гагра араион иалҵыз аибашьцәа ари аамҭа иалагӡаны рхаҭара шьақәыргылоуп. 18 ҭаацәара рнапаҟны ирыҭоуп ргәакьацәа ахьҭакыз аконцлагерқәеи рыԥсыбаҩ ахьамадоу аҭыԥқәеи ахьарбоу ашәҟәқәа.

Ҩышықәса раԥхьа ас еиԥш иҟоу ақьаад рықәдыршәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаан ибжьаӡыз Мас Еныкь имаҭа Ҭамаз Еныкь иҭаацәара.

"Ҳара ҳнапаҿы иҳарҭеит 70 шықәса раахыс зыӡбахә ала ажәазаҵәык ҳмаҳацыз, сабду Мас Еныкь 1942 шықәсазы Мраҭашәаратәи Украина, ақалақь Хмельницки аконцлагер №185 дшақәаз, иара убраҟагьы анышә дшамадоу атәы зҳәо ақьаад. Сабду аибашьра даныргоз, саб фымз ракәын ихыҵуаз. Аха изҳацыԥхьаӡа игәы иҵхон иаб иҭоурых. Ихала изныкымкәа арратә комиссариатқәа рахь ашәҟәқәа алеиҵахьан, аха ииҭахыз аҭак иоуӡомызт. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан, саб хәажәкыратәи ажәылараан дҭахеит. Уинахыс аамҭа хьанҭа иҳанамҭеит иус анагӡара", - иҳәоит Ҭамаз Еныкь.

Мас имоҭа апроект "Ахьӡ архынҳәра" автор Григори Скворцов иҭабуп ҳәа иеиҳәоит, уамак иҭбаамзаргьы, иабду изқәаҭыԥ ахьыҟоу аилкааразы алшара ахьриҭаз.

Возвращение имени в Гагре - Sputnik Аҧсны
Гагра араион иатәыз, аконцлагерқәа рыҭҟәаҩцәа 15-ҩык рыӡбахә еилкаахеит

Анемец концлагерқәа рҟны ирбаандаҩны, анаҩс иргәаҟны ишьыз, мамзаргьы аҭагылазаашьа хьанҭақәа ирзымиааикәа амлеи, ахьҭеи, ачымазара бааԥси, аџьаус хьанҭеи ирхырҟьаны згәабзиара уашәшәыраханы адунеи зыԥсахыз хабарда ибжьаӡит ҳәа иԥхьаӡан жәашықәсала. Иахьа Гагра араион аҟны, зхаҭара шьақәыргылоу аибашьцәа рзы ибеиоу адыррақәа ыҟам. Ақьаадқәа рҟны иарбоу иахьҭакыз аконцлагерқәеи, урҭ ахьыҟаз атәылақәеи, ақалақьқәеи, насгьы ианнанагази рыԥсҭазаара ианалҵызи ашықәсқәа роуп. Зынӡа имаҷӡоуп афотосахьақәа зцу, убас ихарҭәаау дырра хәыҷык змоу.

Аҭоурыхтә хыҵхырҭақәа изларҳәо ала, афашисттә концлагерқәа рҿы ирбаандаҩын 30 тәыла рҟынтә ҩажәа миллион ауаа, урҭ рахьтә жәаҩа миллион шьын, реиҳараҩыкгьы жәаф шықәса зхымҵыцыз ахәыҷқәа ракәын.

Днепр аҟны аибашьра - Sputnik Аҧсны
Апроект "Ахьӡ архынҳәра" аԥсуа еибашьцәа рлахьынҵа шьақәнаргылеит

1945 шықәса, хәажәкырамзазы, зегь иреиҳаз афашисттә концлагер Бухенвальд аҵакыраҿы абаандаҩцәа-аинтернационалистцәа бџьарла игылеит, хара имгакәа Бухенвальд иалалаз америкатәи ар шаҳаҭхеит анемец фашистцәеи рыдгылаҩцәеи абра ухаҿы иузаамгоз ахәымгарақәа шымҩаԥыргоз.

Мшаԥымза 11, америкатәи ар Бухенвальд ианнеиз амш аҽны, Жәларбжьаратәи аконцлагер абаандаҩцәа ирымшны ишьақәгылеит. Сынтәа ари арыцхә азгәарҭоижьҭеи 75 шықәса ҵит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0