Арадио

Малиа: Аацы ақыҭа иахьагьы аԥсуа ҵасқәа ныҟәнагоит, урҭ ирықәныҟәоит

Аацы ақыҭа ахада Игорь Малиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ақыҭан анхацәа ирыбзазаашьоу атәы.
Sputnik
Малиа: Аацы ақыҭа иахьагьы аԥсуа ҵасқәа ныҟәнагоит, урҭ ирықәныҟәоит

Аацы 210 ҭӡы ыҟоуп, хәыҷи-дуи ақыҭа иаланхоит 900-ҩык. Анхацәа еиҳарак аџьықәреи аарыхреи ауҭреи рнапы алакуп ҳәа еиҭеиҳәеит Аацы ақыҭа ахада арадиоефир аҿы.

"Инвестрпрограммала ҩ-гектарк аҵәа еиҭаҳан иҳамоуп. Аџьармыкьаҿы иара ахьӡ бзиоуп, агьамагьы, ахаҭабзиарагьы еиҿкаауп. Иара убас ара иҳамоуп ақыҭанхамҩатә институт иаҵанакуа аексперименталтә баҳча. Астудентцәеи аспирантцәеи аус руеит. Акиви, аҵәа, атама, апекан уҳәа аадрыхуеит", - ҳәа азгәеиҭеит Малиа.

Ақыҭа ахада иажәақәа рыла, иара иахьагьы аԥсуа ҵасқәа ныҟәнагоит, еиҳарак аҽыбӷаҟазара аганахьала.

"Ҭагалан мзазы араҟа иргылан аҽааӡарҭа. Аҽыҩқәа рыфатә-рыжәтә рыгмырхакәа аҷкәынцәа хылаԥшра арҭоит. Аныҳәақәа ахьымҩаԥысуа зегьынџьара иалахуп, ақыҭа ахьӡ ҭыргоит. Иара уи адагьы хышықәса раԥхьа ақыҭа иалҵыз аҷкәынцәа алымқәа рааӡара аус рҽазыркит. Дара ргәы иҭан алымқәа рыдагьы егьырҭ агыгшәыгқәагьы рааӡара, аха иуадаҩхеит ари аус анагӡара. Ацхыраара роуит ааигәа, аха еиҭа ирҭахуп. Абасала аԥхын аамҭазы аԥсшьаҩцәа ақыҭаҿы ирбаша ыҟоуп. Иҟоуп аԥсабара иаԥнаҵаз аҭыԥ ԥшӡарақәагьы, аӡхыҽҽеи аӡҵәыҵәыреи", - ҳәа еиҭеиҳәеит Малиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: