АҞӘА, мшаԥы 24 – Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин инапы аҵаиҩит афедералтә закәан урыстәылатәи атәылауаҩра аиура армариазы. Уи Аԥсны атәылауаа ишырныруа атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит Дана Кәыџԥҳа.
Лара лажәақәа рыла ариашарақәа инарықәыршәаны аԥснытәи атәылауаа урыстәылатәи апаспортқәа роура армариоит атәылауаҩра зҭаху ауаҩы иҭаацәа руаӡәк Урыстәыла атәылауаҩра имазар ма иааиԥмырҟьаӡакәа Урыстәыла иахьаҵанакуа дынхозар, иара убасгьы урыстәылатәи аҵараиурҭа далгазар.
"Иҿыцны иалагалоу иеиуоуп аҳәаанырцә тәылауаҩра мап ацәымккәа урыстәылатәи атәылауаҩразы арзаҳал алаҵара ахьыҟало. Иахьатәи азакәан инақәыршәаны аҳәаанырцә тәылауаҩра мап ацәктәуп", - лҳәоит Дана Кәыџԥҳа.
Уи адагьы, иахьеиԥш хышықәса рыҩнуҵҟа Урыстәыла анхара аҭаххаӡом. Уи адагьы, азакәан инақәыршәаны иазԥхьагәҭоуп урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ирылгаз хышықәса аџьатә стаж рымазаара ацынхәрас, шықәсыктәи русура азхоит ҳәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Путин: зыҿҳәара нҵәаз атәылауаҩшәҟәқәеи егьырҭ адокументқәеи раамҭа иацҵатәуп