Путин: зыҿҳәара нҵәаз атәылауаҩшәҟәқәеи егьырҭ адокументқәеи раамҭа иацҵатәуп

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПутин: зыҿҳәара нҵәаз атәылауаҩшәҟәқәеи егьырҭ адокументқәеи раамҭа иацҵатәуп
Путин: зыҿҳәара нҵәаз атәылауаҩшәҟәқәеи егьырҭ адокументқәеи раамҭа иацҵатәуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акоронавирус инадҳәаланы урыстәылатәи арегионқәа руааԥсыра рыҩнқәа ирыҩнахеит аҽыхьчаратә режим инақәыршәаны.

АҞӘА, мшаԥы 8 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин адҵа ҟаиҵеит атәылауаа рзы апаспортқәеи егьырҭ адокументқәеи рыҿҳәара иацҵахарц адунеи аҿы аҭыԥ змоу акоронавирус инадҳәаланы. Абри аҩыза аҳәамҭа ҟаҵан атәыла ахадеи, арегионқәа рнапхгаҩцәеи, аиҳабыра рхаҭарнакцәеи реилацәажәараан.

"Уажәы ауаа абиурократиатә ныҟәарақәа раха рымам. Убри азы аиҳабыра рахь аҳәара ҟасҵоит атәылауаҩшәҟәқәеи , амашьынарныҟәцараз аршаҳаҭгақәеи, егьырҭ адокументқәеи рыҿҳәара хымз еиҵамкәа ирыцырҵарц", - иҳәеит Путин.

Урыстәыла иааидкыланы аҿкы рымоуп 8672-ҩык, 63-ҩык рыԥсҭазаара иалҵхьеит ҳәа аанацҳауеит акоронавирус аҿагыларазы аоперативтә штаб. Уахыки-ҽнаки рыла 1175 акоронавирус хҭыс аҭыԥ аиуит.

COVID-19 еиҳа иазгәаҭоуп Москва - 660, Подмосковье – 95, Санкт-Петербург – 34 хҭыс. Иааидкыланы Москва 5841-ҩык ачымазара рыдырбалахьеит.

Мшаԥы 2 рзы Владимир Путин атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит. Мшаԥы нҵәаанӡа ауалафахәы рзааныжьны аусурамшқәа аԥыхуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0