Ачымазцәа ҿыцқәа ыҟам: даҽа хҩык акоронавирус азы игәарҭеит

Адунеи аҿы ачымазара ҿкы акоронавирус зыхьуа рхыԥхьаӡара ацлара ишаҿугьы, Аԥсны аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп, аҩ-ҳәаакгьы атәымтәылауаа рзы иаркуп, зыԥсадгьыл ахь иаауа Аԥсны атәылауаа аҽыԥхьакырҭахь ирышьҭуеит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 25 – Sputnik. Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны даҽа хҩык ауаа акоронавирус азы агәаҭара иахысит. Урҭ рахьтә аӡәгьы ачымазара идбаламызт ҳәа адырра ҟанаҵоит Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Уаанӡа аҿкы рыдбалан хҩык ауааԥсыра.

1925 шықәса рзы ииз апациент Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы дышьҭоуп, лҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп, аха ихьанҭоуп.

Раԥхьатәи апациентгьы макьана ахәышәтәырҭаҿы дыҟоуп, аҳақьымцәа рыбла ихуп. Хара имгакәа дылрыҩаарц иҟоуп.

Згәы бзиахахьоу аҩбатәи апациент лыҩны дыҟоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: