Урыстәылатәи аруаа Гәылрыԥшь араион аҿы арзҩыдаратә усурақәа мҩаԥыргеит

© Sputnik / Ольга Смольская / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДезинфекция завода "Победит" оборонно-промышленного комплекса
Дезинфекция завода Победит оборонно-промышленного комплекса - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Аԥсныҟа аҟазауаа аанашьҭит аԥыза-министр Валери Бганба Михаил Мишустин иахь мшаԥы 13 рзы иҟаиҵаз аҳәара аҭакс. Атехника ҷыда ареспубликахь иаашьҭуп аҩтәылак ртәылахьчаратә усбарҭақәа рыбжьара аусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны.

АҞӘА, мшаԥы 24 - Sputnik. Урыстәыла Амшынеиқәатә флот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭаҟынтәи Аԥсны акоронавирус аламырҵәаразы иааԥхьан. Мшаԥы 23 рзы ауснагӡатәқәа мҩаԥган Гәылрыԥшь араион аџьармыкьеи, ахәышәтәырҭеи, ахадара ахыбреи рҟни Агәыӡера ахадара ахыбра, аџьармыкьа, араионтә хәышәтәырҭа рҟни.

Ахархәара рыҭан 13 автомашьына, аерозольтә рзҩыдара амобилтә комплексқәа АРС-14М, ареактив рныҟәага зықәгылоу амашьынақәа ТМС-65У. Аусурақәа ирылаган Атәылахьчара аминистрра агоспиталь хада аҟынтәи, нас Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа ахыбраҿы, ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рыцқьан.

Атехникеи аҟазауааи Гәдоуҭа иҟоу Урыстәылатәи арратә базаҿы иаангылеит. Арзҩыдаратә усурақәа рышьҭахь автомашьынақәеи аруааи иҷыдоу арыцқьара иахрыжьуеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0