Сҭыԥ аансмыжьыцт, сыгәгьы иҭам: Кан Кәарҷиа аҟәаа рзы аҳәамҭа ҟаиҵеит

Кан Кәарҷиа Аҟәа ақалақь ахадара аиҳабы инапынҵақәа рынагӡаҩыс дҟаҵан жьҭаара 21, 2019 шықәса рзы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 27 – Sputnik. Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо Кан Кәарҷиа имаҵура ааныжьра игәы ишҭам иҳәеит. Аҟәа ауааԥсыра рахь иҟаиҵаз аҳәамҭа Аҟәа ақалақь ахадара Facebook адаҟьаҟны иҭагалан.

"Ҳара ҳақалақь хәыҷуп, ҳазегьы ҳаибадыруеит. Ана-ара уҳәансҳәанқәа умаҳар ауам. Аха шьоукы-шьоукы ирҳәо ҵаҵӷәыдоуп. Сара сҭыԥ аансмыжьыцт, иааныжьны сцарцгьы сгәы иҭам. Арзаҳал аҩрагьы аҭахны исыԥхьаӡом. Аиҳабыра смаҵура самырхырц рыӡбар, уи азы аусԥҟа ҟалар, сара сыззыҳәо ак ауп - Аҟәа ақалақьуаа ирарҳәааит смаҵура самхра мзызс иаиуз", - иҳәеит Кәарҷиа, аҳҭнықалақь ахада имаҵура дшахьнымҳало азгәаҭаны.

Иахьатәи иусура дазааҭгыло, иара иҳәеит игәаҳәара шынаӡаз. Аха уажәтәи ақалақь ахадара аусура хаҳара амоу иамаму ақалақь иқәынхо шракәу ахәшьара азҭаша. Хәбаллктәи асистемала иуԥхьаӡозар, шықәсыбжактәи русура ԥшьба инацны ҳәа ахәшьара аиҭеит.

Кан Кәарҷиа Аҟәа ақалақь ахадара аусзуҩцәа рыԥсахразы: аҳәаҭыхла срыламлеит

Кәарҷиа иара убас иазгәеиҭеит русураҟны агхақәагьы ыҟазар шалшо. Урҭ иреиуоуп акадртә зҵаарақәа нагӡаны иахьимыӡбац иҳәеит иара. Аха убри аан иара агәра ганы дыҟоуп амаҵурақәа ирхаиргылахьоу ауаа иашаны ишалихыз, урҭ аспециалистцәа рполитикатә гәаанагарақәа сырхьымԥшкәа иасҭеит иҳәеит Кәарҷиа.

Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо ҷыдала дырзааҭгылеит ахадара аусбарҭақәа зегьы русура, урҭ ирхагылоу аиҳабацәа ирзықәыргылаз адҵақәа ахьынӡанарыгӡо ҷыдала дазааҭгылеит. Кәарҷиа дақәшаҳаҭуп ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа амаҵура рахаргылара аҳәынҭқарра ахада иус шакәу, аха ауааԥсыра ргәаанагарагьы азхьаԥшра аҭатәуп ҳәа иԥхьаӡоит иара.

Аҳамҭақәа ааргеит: Аҟәатәи аԥшаҳәаҿы апальмақәа реиҭаҳара иалагеит

"Ҳақалақь иқәынхо ауааԥсыра ҳусура лҵшәадан, ииашамызт, сара сҭыԥ аансыжьроуп ҳәа рыԥхьаӡар хымԥада схалагьы сцоит", - иҳәеит Кәарҷиа.

Жьҭаара 21 рзы Аԥсны усҟантәи ахада Рауль Ҳаџьымба Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа Кан Кәарҷиа инаигӡаларц азы.

Аԥсны Алхратә комиссиа хада атәыла ахада иалхра ҿыцқәа рымҩаԥгаразы аӡбамҭа анрыларҳәа ашьҭахь, жәабран 1, 2020 шықәсазы аԥшьгаратә гәыԥ Аԥсны ахадарахьы кандидатс Кан Кәарҷиа дықәдыргылеит. Аха иаарласны иара алхратә кампаниа дшалахәымхо азы аҳәамҭа ҟаиҵеит, акандидатцәа аӡәгьы дышидымгыло атәгьы иҳәеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: