Кан Кәарҷиа Аԥсны ахадарахьы икандидатура ықәиргылоит

© Sputnik / Томас ТхайцукКан Кварчия
Кан Кварчия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Кан Кәарҷиа Аҟәа ақалақь ахадара инапынҵақәа рынагӡаҩыс жьҭаара 21, 2019 шықәса рзы даиҭеит усҟантәи Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба.

АҞӘА, жәабран 1 -  Sputnik. Алхратә комиссиа хадаҟны иҭарҩит Кан Кәарҷиа Аԥсны ахадарахьы кандидатс иқәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥ. Абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит АКХ амаӡаныҟәгаҩ Ануш Хоџьикиан. 

Кан Кәарҷиа Аҟәа ақалақь ахадара инапынҵақәа рынагӡаҩыс дарҭеит жьҭаара 21, 2019 шықәса рзы.

Кан Кәарҷиа диит ԥхынгәы 1, 1974 шықәсазы Тҟәарчал ақалақь аҟны. 1991 шықәсазы далгеит Аҟәатәи абжьаратә школ № 10, дҭалеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурых-зиндырратә факультет "азинҭҵаара" азанааҭ ала.

Кан Кәарҷиа - Sputnik Аҧсны
Кәарҷиа аџьармыкьаҿы изакәанымкәа аҭирақәа рзы: даҽакала ирацәажәатәхоит

2007 - 2011 шш. – Аҟәатәи ақалақьтә еизара, анхарҭа-коммуналтә нхамҩа азҵаарақәа рзы акомиссиа ахантәаҩы.  

2012 - 2017 шш. – Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара адепутат, аграгртә политикеи, аԥсабаратә хыҵхырҭақәеи, аекологиеи рзы аилак ахантәаҩы.

1992-1993 шш. рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Леон ордени "Агәымшәаразы" амедали ианашьоуп. Дҭаацәароуп, хҩык ахшара драбуп.

Алхра ҿыцқәа рымҩаԥгаразы аӡбамҭа рыдыркылеит 2019 шықәсазы имҩасыз алхрақәа рзы АКХ иҟанаҵаз алкаақәа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә инстанциа иашамызт ҳәа ианаӡба ашьҭахь. Аԥсны АКХ иҭанаҩхьеит ахада икандидатура ақәыргыларазы иадҵаалаз аполитикатә партиа "Акзаареи" Аслан Бжьаниа иқәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥи. 

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0