Урыстәылатәи аруаа 150 нызқь метр ԥшьыркца дырзҩыдеит Аԥсны

Урыстәыла Амшынеиқәатә флот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭаҟынтәи Аԥсны акоронавирус аламырҵәаразы ауснагӡатәқәа рзы иааԥхьан.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 27– Sputnik. Мшаԥы 22 - 25 рзы Урыстәыла Амшынеиқәатә флот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭа 150 нызқь метр ԥшьыркца дырзҩыдеит Аԥсны. Арахь иаҵанакуеит 55 хыбра, азеиԥшхархәаратә мҩадуқәа. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Атәылахьчара аминистрра.

Урыстәылатәи аруаа Гәылрыԥшь араион аҿы арзҩыдаратә усурақәа мҩаԥыргеит

Асанитартә уснагӡатәқәа ирылаган мшаԥы 22 рзы. Урыстәыла Амшынеиқәатә флот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭаҟынтәи Аԥсны акоронавирус аламырҵәаразы 15 обиект рырзҩыдара мҩаԥыргеит.

Аусурақәа ирылаган Атәылахьчара аминистрра агоспиталь хада аҟынтәи, нас Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ахыбраҿы, ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рыцқьан. Зынӡа аус рыдулан 60 нызқь метр ԥшьыркца.

Мшаԥы 23 рзы ауснагӡатәқәа мҩаԥган Гәылрыԥшь араион аџьармыкьеи, ахәышәтәырҭеи, ахадара ахыбреи рҟни Агәыӡера ахадара ахыбра, аџьармыкьа, араионтә хәышәтәырҭа рҟни.

Мшаԥы 24 - 25 рзы аусурақәа мҩаԥысуан Очамчыра араион аҿы, уа арзҩыдара иахыган 60 нызқь метр ԥшьыркца. Арахь иаҵанакуеит 19 хыбреи, убрахь иалоуп аџьармыкьеи, араионтә хәышәтәырҭеи, ахадара ахыбреи.

Урыстәылатәи аруаа 150 нызқь метр ԥшьыркца дырзҩыдеит Аԥсны

Ахархәара рыҭан 13 автомашьына, аерозольтә рзҩыдара амобилтә комплексқәа АРС-14М, ареактив рныҟәага зықәгылоу амашьынақәа ТМС-65У.

Атәылахьчара аминистрра излаанацҳауа ала, урыстәылатәи аруаа Аԥсны арзҩыдарақәа мҩаԥыргалоит лаҵарамза алагамҭанӡа.

Атехникеи аҟазауааи Аԥсныҟа иааит мшаԥы 18 рзы. Урҭ Гәдоуҭа иҟоу Урыстәылатәи арратә базаҿы иаангылеит. Арзҩыдаратә усурақәа рышьҭахь автомашьынақәеи аруааи иҷыдоу арыцқьара иахрыжьуеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: