Урыстәылатәи аруааи аԥснытәи арзҩыдаҩцәеи аобиектқәа рыӡәӡәара еицалагоит

© Sputnik / Ольга Смольская / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДезинфекция завода "Победит" оборонно-промышленного комплекса
Дезинфекция завода Победит оборонно-промышленного комплекса - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амшынеиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭақәа Аԥсныҟа иааит мшаԥы 18 рзы акоронавирус аҿагылараҿы ацхыраара аҟаҵаразы.

АҞӘА, мшаԥы 21– Sputnik. Амшынеиқәа афлот арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара архәҭеи аԥснытәи асанитар-епидемиологиатә маҵзура аусзуҩцәеи мшаԥы 22 рзы ареспублика аобиектқәа рырзҩыдара иалагоит. Абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзураҿы.

Дезинфекция завода Победит оборонно-промышленного комплекса - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи аруаа Аԥсны ачымазара ҿкы аҿагылараан ицхыраарц иаауеит

Аусурақәа ирылагоит Атәылахьчара аминистрра агоспиталь хада аҟынтәи, нас – аџьармыкьа хадаҿы.

"Араионқәа рсанитартә ҳақьымцәа рацәажәара ашьҭахь иалкаахоит ауаа арцәа ахьнеиуа аобиектқәа. Аплан Атәылахьчара аминистррахь ирыҭахоит", - ҳәа лҳәоит ареспублика асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик.

"Сара Урыстәылатәи Афедерациа ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп ацхырааразы. Иахьазы Аԥсны иҟам иахәҭоу атехника абри аус профессионалла амҩаԥгаразы", - лҳәоит лара.

Урыстәыла Аԥсныҟа аҟазауаа аанашьҭит аԥыза-министр Валери Бганба Михаил Мишустин иахь мшаԥы 13 рзы иҟаиҵаз аҳәара аҭакс.

Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура аҳәамҭа ҟанаҵеит атехника ҷыда ареспубликахь ишаашьҭу атәылақәа рыҩба ртәылахьчаратә усбарҭақәа рыбжьара аусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Иаашьҭу автомашьынақәа ирылахәуп аеразольтә рзҩыдара амобилтә комплексқәа АРС-14М, ареактив рныҟәага зықәгылоу амашьынақәа ТМС-65У.

Атехникеи аҟазауааи Гәдоуҭа иҟоу Урыстәылатәи арратә базаҿ итәеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0