АҞӘА, лаҵара 1 - Sputnik. Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа рынагӡаҩыс иҟаз Кан Кәарҷиа ахәаша, лаҵара 1 азы иколлектив абзиараз ҳәа реиҳәеит, абри атәы аарыцҳаит аҳҭнықалақь ахадара аофициалтә саит аҟны.
"Сара сзы иҳаҭыр дууп шәара аус ахьшәыцызуаз. Арҭ фымз иралагӡаны сара аԥышәа ду соуит. Сгәанала, ҳара акоманда бзиа аԥаҳҵеит, ҳколлектив ишақәнагоу аусура рылшаҵәҟьоит. Ҳара аусушьа шаҭахыз ааҳарԥшит, уажәшьҭа иааиуа ауаа иҟаҳҵаз иаҵамхароуп. Ара иҳалан зполитикатә гәаанагарақәа еиуеиԥшымыз ауаа, аха уи ҳԥырхагамхеит ҳақалақьи ҳтәылеи рырҿиаразы аџьабаа абара", - иҳәеит иара.
Кәарҷиа аколлектив иргәалаиршәеит иалырхыз аиҳабыра рхаҭарнакцәа ишырҳәоз апрофессионалцәа мацара аус шрыцруло.
"Сара ахаангьы аҭыԥ сахьынҳаломызт, аха арҭ ауаа рзы ҳара ҳапрофессионалцәамхеит. Ауаа сара ишсыдгыло азы 17 000 напынҵамҭа еизыргеит. Ҳаиҳабыра уи ҳасаб азырымуит, ҳасаб азырымуит асоциалтә ҳақәа рҿы ауаа ирыҩуаз. Сара издыруеит ҳақалақьуаа аизара ҟарҵарц шырҭаху, аха уи аҭахым, имеизарц срыҳәоит. Сара ахаангьы ауаа еизызгом сҭыԥ еиқәсырхарц азы", - иҳәеит.
Уаанӡатәи аҳҭнықалақь ахада инапынҵақәа назыгӡоз мызқәак иԥсы ишьарц, иаамҭа иҭаацәеи иареи еицырхыргарц игәы ишҭоу иҳәеит, анаҩс ҩаԥхьа аполитикатә ус снапы аласкуеит иҳәеит.
"Уажәшьҭа ҳара агәҭак ҿыц ҳаманы ҳҽеидаҳкылароуп ҳәа агәра ганы сыҟоуп, убри инамаданы ҳԥеиԥш лашазы иҵоуроу аполитикатә мчқәа зегьы еидкылазароуп ҳәа сгәы иаанагоит. Иахьа сара схы шьҭыхны, акы сацәыԥхамшьо, исылшоз зегьы нагӡаны ари ахыбра аансыжьуеит", - ҳәа азгәеиҭеит Кәарҷиа.
Кан Кәарҷиа Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа рынагӡаҩыс дҟаҵан жьҭаара 21, 2019 шықәса рзы. Ҿыц иалху Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит аҳҭнықалақь ахада инапынҵақәа рынагӡаҩыс Ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара "Аԥсадгьыл" анапхгаҩы Беслан Ешба иҟаҵаразы аусԥҟа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Беслан Ешба Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо ҳәа даҭоуп
Мчыбжьык ала жәеиза маҵура: Аԥсны анагӡаратә мчра ҿыц шеиҿыркаауа