Мчыбжьык ала жәеиза маҵура: Аԥсны анагӡаратә мчра ҿыц шеиҿыркаауа

© Sputnik / Томас ТхайцукАдминистрация президента
Администрация президента  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мшаԥы 30 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс дҟаиҵеит Дмитри Дбар, Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа рынагӡаҩыс - Беслан Ешба, Гагра араион ахада инапынҵақәа рынагӡаҩыс - Иури Хагәышь.

Ахада ҿыц Аслан Бжьаниа имаҵура дахагылеижьҭеи напхгаҩцәа ҿыцқәас иаиҭақәази, иара убас Аԥсны анагӡаратә мчраҿы еиҭакрақәас иҟалахьоуи ртәы шәаԥхьа Sputnik аматериал аҿы.

Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

Мшаԥы 2 рзы Аԥсны ахада ҿыц Аслан Бжьаниа официалла имаҵура дахагылеит. Раԥхьа инаргыланы иара Аԥсны аиҳабыра рхадеи ахада Иусбарҭа аиҳаби аиҭеит, иагьышьақәиргылеит Аминистрцәа реилазаара аструктура ҿыц.

Аԥыза-министрс дҟалеит Александр Анқәаб. Абри азы аусԥҟа ахада инапы аҵаиҩит мшаԥы 24 рзы. Ус шыҟалоз аӡәгьы изы имаӡаӡамызт - Аԥсны ахада иалхратә кампаниаан Бжьаниа иҳәахьан ахадас далырхыр, аԥыза-министрс Анқәаб дшыҟаиҵо.

Уаанӡа аԥыза-министрс дыҟан Валери Бганба, уи 2018 шықәсазы ари амаҵура дахаиргылеит усҟантәи Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба, иҟалаз амҩатә машәыр аҟны аԥыза-министрс иҟаз Геннади Гагәылиа иҭахара ашьҭахь.

Ахада Иусбарҭа аиҳабыс дҟаҵоуп 2019 шықәсазтәи алхрақәа раан ахадарахьы кандидатс иҟаз, апартиа "Амцахара" ахантәаҩы Алхас Кәыҵниа. Уаанӡа ари амаҵура дахагылан Беслан Барцыц, уи Рауль Ҳаџьымба ԥхьатәара данца ашьҭахь иаргьы инапынҵақәа шьҭеиҵеит.

Здание кабмина. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Аслан Бжьаниа афинансқәа рминистри аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩи аиҭеит

Арҭ амаҵурақәа ҩба рхадацәа анаиҭа ашьҭахь, ԥшьымш уаҳа еиҭакра ҳәа акгьы ыҟамызт. Анаҩс, мшаԥы 28 рзы Аслан Бжьаниа аусԥҟақәа ҩба инапы рыҵаиҩит: аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩс Беслан Џьапуа иҟаҵаразы, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩыси афинансқәа рминистрси Владимир Делба иҟаҵаразы, уи ари амаҵураҟны диԥсахит Џьансыхә Нанба.

Мшаԥы 29 рзы Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистрс дҟаиҵеит Руслан Аџьба. Уи амаҵура дахагылан 2019 шықәса рзы ари аусбарҭа Агәабзиарахьчара аминистрра иадырҵаанӡа.

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра ҩаԥхьа Лев Кәыҵниа дахагылеит. Иҭыԥ аҿы даанхеит Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиагьы.

Мшаԥы 30 рзы ҩаԥхьа аиҳабацәа ҿыцқәа раҭара иалагеит. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс дҟалеит Жәлар Реизара адепутат Дмитри Дбар. Уаанӡа ари аҭыԥ аҿы дыҟан Раули Смыр, уи 2019 шықәса ԥхынҷкәынмзазы усҟантәи Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба ари амаҵура дахаиргылеит Аҟәа агәаны иҟалаз ауаҩшьрақәа рышьҭахь усҟан аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс иҟаз Гарри Аршба ԥхьатәара данца.

Кабинет министров - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада хҩык аминистрцәа аиҭеит

Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа рынагӡаҩыс дҟаҵан уаанӡатәи аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ешба. Уаанӡа ари аҭыԥ ааникылон Кан Кәарҷиа. Уи мышықәак раԥхьа иҳәахьан хатәгәаԥхарала имаҵура ааныжьразы арзаҳал шимыҩуа.

Бжьаниа иусԥҟала Гагра араион ахада инапынҵақәа рынагӡаҩгьы дҟаҵан. Уи Иури Хагәышь иакәхеит, уаанӡа ари аҭыԥ аҿы дыҟан Владимир Џьениа.

Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрс даанхеит Даур Кәырмазиа.

Арҭ амаҵураҭарақәа зегьы - Аԥсны анагӡаратә мчра ҿыц аиҿкаара ауп иаанаго. Бжьаниа ахадас даныҟала ашьҭахь ишьақәирӷәӷәаз Аминистрцәа реилазаара аструктурала, аиҳабыраҿы уажәшьҭа иҟоуп 14 министрра, Аҳәынҭеилакқәа ааба, Аҳәынҭусбарҭақәагьы ааба.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0