Џьынџьал Аԥсны акарантинтә усмҩаԥгатәқәа рзы: ҳзыхьчо аҳәааҿы агәаҭарақәа роуп

Аԥсны Жәлар Реизара адепутат, Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аштаб алахәыла Алхас Џьынџьал арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсны аҳәаақәа рҟны агәаҭара-аушьҭратә ҭыԥқәа рҿы иақәнагоу ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара акоронавирус рацәыхьчаразы ҵакыс ирымоу атәы.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 1 - Sputnik. Ҳҳәаақәа ирхысуа ауааԥсыра ргәаҭареи рыԥхьакреи роуп акоронавирус аҟынтәи ҳаиқәзырхо иҳәеит Аԥсны Жәлар Реизара адепутат, Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аштаб алахәыла Алхас Џьынџьал, арадио Sputnik аинтервиу анаиҭоз.

"Аепидемиологиатә ҭагылазаашьа макьана ицәгьам ҳтәылаҿы, уи зыбзоуроу уажәазы иҳадаҳкылахьоу ашьаҿақәа роуп. Хымԥада, ауааԥсыра аҭагылазаашьа ҷыда арежим ақәныҟәара рцәыцәгьоуп, аха амедицина излаҳанаҳәо ала хымԥада иҟаҵатәуи асоциалтә ҭахрақәеи рыбжьара иалаҳхуеит еиҳа ихадоу. Иахьазы ҳҳәаақәа ирхысуа ауааԥсыра ргәаҭареи рыԥхьакреи роуп акоронавирус аҟынтәи ҳаиқәзырхо", - ҳәа азгәеиҭеит Џьынџьал.

Адепутат иажәақәа рыла, Урыстәыла ачымазара алаҵәара аиҳахара иаҟәыҵуеит ҳәа иазԥхьагәаҭоуп лаҵарамза агәҭазы, убри инамаданы лаҵарамза зегьы акоронавирус акәша-мыкәша аусқәа ҳарҿызаауеит. Ҿырԥштәыс иааигеит Аахыҵ Уаԥстәыла аҭагылазаашьа ҷыда аԥҟарақәа еиҳагьы ишыџьбароу.

Акоронавирус аламырҵәара иазку ԥкырақәак лаҵара 15 рҟынӡа иаанхоит

"Аахыҵ Уаԥстәыла ишьақәгылоу акарантинтә ԥҟарақәа еиҳагьы иџьбароуп, ҳара ҳҟны аасҭа. Избанзар дара ртәыла еиҳа ихәыҷуп, ахәышәтәразы алшарақәагьы еиҳа имаҷуп. Аха уа ауаа еилыркаауеит рмедицина аҭагылазаашьа шуашәшәыроу. Иҟалар зылшо еилкааны ҳара егьырҭ атәылақәа раасҭагьы ашәара ҳамазароуп. Акоронавирус анҳалаҵәа, ҳсистема ачымазцәа рацәаҩны иазычҳаӡом. Аҭагылазаашьа анбааԥсха, ҳара иаҳцәыӡуеит ауаа маҷымкәа, аҳақьымцәагьы убрахь иналаҵаны", - иҳәеит Џьынџьал.

Мшаԥы 29 рзы аԥыза-министр Александр Анқәаб идикылеит Аԥсны Ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ахаҭарнакцәа. Аилатәараҟны ирыӡбеит акарантинтә усмҩаԥгатәқәа лаҵарамза 15 рҟынӡа инахазарц. Убри аан Аштаб ахаҭарнакцәа реилацәажәарала иӡбан аԥкырақәа ирыҵаркымзарц ауаажәларратә транспорт аусура. Ақалақьҩнуҵҟатә транспорт аус аулоит есҽны, ақалақьбжьаратә транспорт – аџьармыкьа аусурамшқәа раан.

Ахцәыҟаҵарҭақәа, аҽырҧшӡарҭақәа, акосметологиатә салонқәа лаҵарамза 1 инаркны аусура иалагоит. Афатә-џьармыкьа аус анамуа аамҭазы аусура хацнаркуеит ашәҵатәҭирҭа-џьармыкьа. Уи аусура аграфик шьақәыргылахоит аҳҭнықалақь ахадара аӡбрала.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: