Акоронавирус аламырҵәара иазку ԥкырақәак лаҵара 15 рҟынӡа иаанхоит

© Sputnik / Томас ТхайцукОткрытие рынка после карантина
Открытие рынка после карантина  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥыза-министр Александр Анқәаб мшаԥы 29 рзы идикылеит Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы Аоперативтә штаб ахаҭарнакцәа.

АҞӘА, мшаԥы 29 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны аԥыза-министр аӡбра идикылеит Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы иалагалаз аԥкыратә уснагӡатәқәа рыхәҭак лаҵара 15 рҟынӡа иааныжьзарц.

Аӡбра инақәыршәаны лаҵара 15 рҟынӡа азин ыҟам:

•амассатә, акультуратә, аспорттә, агәмырҿыӷьратә, аӡыргаратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара.

• Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны иарбоу аамҭа аҩныҵҟа ачаратә, аныҳәатә залқәа русура.

•Аҧсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҟны иарбоу аамҭа аҩныҵҟа атуристцәеи аекскурсантцәеи зҭаауа аобиектқәа русура.

•Асасааирҭақәа, агәабзиарачаҧарҭақәа, асасааирҭа ҩнқәа, иара убас даҽа ҭыҧқәак рыҟны аҭыҧ нкылареи, ауааҧсыра рыдкылареи рыҩнаҵареи.

• Ҳазада ахәаахәҭра ахьымҩаҧысуа адәқьанқәа (диути-фри) русура аҧсны-урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ҳәааҟны.

•Аресторанқәа, акафеқәа, абарқәа, аҧацхақәа, акрыфарҭақәеи ауаажәларратә крыфарҭақәа ирызку егьырҭ аобиектқәа, ас еиҧш иҟоу акрыфарҭақәа атәылауаа рҭаарада, идәылганы амаҵура аламҵакәа, иара убас иҿаҵоу анагара аламҵакәа.

•Атәылауаа адинтә еиҿкаарақәа ркульттә обиектқәа рҭаара, адинтә еиҿкаарақәа рдоуҳамаҵзуҩцәеи рдинтә хаҭарнакцәеи аламҵакәа.

•Астоматологиатә маҵзурақәа рынагӡара иазку аусура иаарласны, хырҧашьа змам аформақәа рыҟны астоматологиатә цхыраара ахьаҭаху ачымазарақәеи аҭагылазаашьаақәеи аламҵакәа.

•Акультура аусҳәарҭақәа (атеатрқәа, амузеиқәа, абиблиотекақәа, акультуратә центрқәа, акультура аханқәа, аконцерттә залқәеи аҭоурых-культуратә ҳәырҧсаррақәа) русура.

•Аҳәынҭқарратә напхгараҭаразы ихадоуи аҭыҧантәии аусбарҭақәа, аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәеи аиҿкаарақәеи 60 шықәса иреиҳаны изхыҵуа аусуҩцәеи ашколнӡатәи ақәра змоу ахәыҷқәа змоуи рџьатә (рмаҵуратә) напынҵақәа рынагӡараҟнытә рхы иақәиҭыртәааит аусура ҧырхага амҭакәа, руалафахәы еиқәырханы.

•Аҳәынҭқарратә напхгараҭаразы ихадоуи аҭыҧантәии аусбарҭақәа, аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәеи, анаплакқәеи, аиҿкаарақәеи рнапхгаҩцәа иааныркылааит иазгәаҭоу аусбарҭақәа, аусҳәарҭақәа, аиҿкаарақәа русзуҩцәа аҳәаанырцәтәи амаҵураныҟәарақәа рышҟа рдәықәҵара 2020 шықәса лаҵара 1 аҟынӡа.

• Иҧкызааит атәылауаа ркатегориақәа зегьы ирыҵаркуа атәылауаа аҧсны-урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ҳәаа аужьратә пунктқәа рыла ралалара абарҭ акатегориақәа аалхны:

- Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны аккредитациа змоу адипломатиатә усҳәарҭақәа русуҩцәа, Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны ААМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа аррамаҵзуҩцәа, Еиду урыстәылатәи арратә база аррамаҵзурауаа;

-жәларбжьаратәи аидарақәа мҩанызго атранспортқәа рныҟәцаҩцәа;

- аидаратә дәыҕбақәа рныҟәцаҩцәа;

- атәым ҳәынҭқаррақәа рмедицинатә усҳәарҭақәа рыҟнытә илҩаау Аҧсны аҳәынҭқарра атәылауаи ирыцу ахаҿқәеи (аҭынхацәа); хымҧадатәи рҽыҧхьакреи иақәнагоу амедицинатә хылаҧшра рыҭареи раан ҿыц иизи урҭ рҭаацәеи, атәым ҳәынҭқаррақәа рмедицинатә усҳәарҭақәа рыҟнытә илҩаау;

- Аҧсны атәылауаа рыҧсыбаҩ аагареи урҭ ирыцу ахаҿқәеи (аҭынхацәа).

Лаҵара 15 рҟынӡа иара убасгьы:

• Иаанкылазааит ахәыҷтәы школнӡатәи аусҳәарҭақәа русура.

• Аҧсшьармшқәа ирыцҵазааит ашколтә ҵараиуратә усҳәарҭақәа рыҟны.

•Иаанкылазааит азыҟаҵарақәа Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университети, Аҟәатәи иаарту аинститути рҟны, иара убас Аҧсны Аҳәынҭқарра абжьара-занааҭтә ҵараиуратә усҳәарҭақәа рҟны.

•Иаанкылазааит аҵараиуратә кружокқәа, аспорттә, акәашаратә, аҽазыҟаҵартә залқәа русура.

Аштаб ахаҭарнакцәа реилацәажәарала иӡбан аԥкырақәа ирыҵаркымзарц ауаажәларратә транспорт аусура. Ақалақьҩныҵҟатә транспорт аус аулоит есҽны, ақалақьбжьаратә транспорт – аџьармыкьа аусурамшқәа раан.

Ахцәыҟаҵарҭақәа, аҽырҧшӡарҭақәа, акосметологиатә салонқәа лаҵарамза 1 инаркны аусура иалагоит, афитнес-центрқәеи аспорттә залқәеи, СПА-салонқәа, асаунақәаа, амассажтә салонқәа русура макьаназы иаанкылоуп.

Афатә-џьармыкьа аус анамуа аамҭазы аусура хацнаркуеит ашәҵатәҭирҭа-џьармыкьа. Уи аусура аграфик шьақәыргылахоит аҳҭнықалақь ахадара аӡбрала.

Акоронавирус иадҳәалоу аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0