Арадио

Аиааира ҳзаазгаз, аҭынчра еиқәзырхаз: Делба иабдуи ианшьеи рҭоурых иазкны

Руслан Делба ианшьа Џьаџь Қәаранӡиеи иабду Хәахәа Делбеи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәын. Урҭ рҭоурых, реибашьратә мҩа атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит.
Sputnik
Аиааира ҳзаазгаз, аҭынчра еиқәзырхаз: Делба иабдуи ианшьеи рҭоурых иазкны

"Сан лашьа Џьаџь Қәаранӡиа арра дыргеит 1941 шықәса рзы, шықәсык ааҵуаны еиԥш хабарда дыбжьаӡит. Адырра злаҳамоу ала, Керч ауп дахьыҟаз. Анышә дахьамадоу ҳәа акгьы ҳаздырӡом. Дҭахеит ҳәа адыррагьы ҳамамызт, қьаад бӷьыцкгьы ҳмоуит. Аибашьра дцеит аҟароуп, уаантәи дыхнымҳәит. Сабду Делба Хәахәа иакәзар, аибашьра ианалага ҩыџьа ахшара иман. 1941 шықәса инаркны 1943-нӡа деибшьуан. Аха исыз аҵаа иахҟьаны агоспиталь ахь дақәшәеит, аамҭаказы хабарда ибжьаӡыз ҳәа дыԥхьаӡан, аха ашьҭахь аҩныҟа дааит, анаҩс еибашьра деиҭаргеит. 1944-нӡа деибашьуан, аха нас еиҭа иоуз ахәрақәа ирхырҟьаны аҩныҟа дааит, уаҳа афронт ахь имыԥхьеит. Иара еиҳарак Кавказ деибашьуан, аршьаҟауаа ргәыԥ далан. Иԥсҭазаара далҵит 1972 шықәса рзы", - ҳәа еиҭеиҳәеит Делба.

Иаҳа инарҭбаау аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: