Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Сангәлиа еиҭеиҳәеит Аибашьра Ду аҟны хьыӡла иҭахаз иаб иашьа ихабар ааигәа ишеилкаахаз

© Foto / предоставлено Русланом Сангулия Руслан Сангулия
Руслан Сангулия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиааира Ду 75 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы арадио Sputnik аҟны аиҿцәажәарақәа анырҵоит. Ҷлоу ақыҭа иалҵыз Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз Алықьса Михаил-иԥа Сангәлиа иҭоурых еиҭеиҳәеит Руслан Сангәлиа.
Аиааира ҳзаазгаз, аҭынчра еиқәзырхаз: Сангәылиа иаб иашьа иҭоурых атәы

"Акыр шықәса ихабар ҳаҳауазар ҳәа иԥшаауан ҳауацәа зегьы, аха иӡбахә ыҟамызт. Аҵыхәтәаны дахьеибашьуаз ҳәа иаҳзаарышьҭыз ашәҟәаҟны иануп Украина Запорожтәи аобласт, ақалақь Такмак. Арра дыргеит иара нанҳәа 1942 шықәсазы, 18 шықәса ихыҵуазшәа ақьаадқәа ҟаҵаны дрышьҭит. Ааигәоуп иӡбахә анҳаҳаз. Деибашьуан атанкқәа ирҿагылаз ажәахатәи артиллериатә бригада аԥшьбатәи аполк аҟны. Аибашьра адәаҟны шьҭахьла ирыкәшаз аӷацәа 15-ҩык рҟынтәи ҩыџьа ишьит, хәҩык иҭҟәеит, егьырҭ рыԥсы ргеит. Дқәыԥшын, аха иџьабаа рацәан. Ҳара дыӡит ҳәа акәын ихабар шаҳдыруаз. Аҳамҭақәа ианаршьахьан Аеҵәа ҟаԥшь аорден, Аџьынџьтәылатә еибашьра аорден аҩбатәи аҩаӡара. 1943 шықәсазы дҭахеит сентиабр мзазы ҳәа адырра ҟарҵеит Очамчыраҟа, аха иҭаацәа рнапаҟны ақьаад рмоуӡеит. Ааигәа арратә комиссар хада сидҵаалеит архив аҟны ихабар акрыҟазар ҳәа. Уа иҟан 1944 шықәсазы иаарышьҭыз адырра", - иҳәеит Сангәлиа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0