Арадио

Самсониа еиҭеиҳәеит иаби егьырҭ иуацәеи аибашьра Ду ишалаӡыз

Аиааира Ду 75 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы арадио Sputnik аусзуҩцәа аиҿцәажәарақәа анырҵоит. Тҟәарчал ақыҭан нхо Иура Самсониа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз иаби, иаб иашьцәеи, ианшьеи ртәы еиҭеиҳәеит.
Sputnik

 

Самсониа еиҭеиҳәеит иаби егьырҭ иуацәеи аибашьра Ду ишалаӡыз

"Саб 1942 шықәсазы Керч дырхәит. Изларҳәо ала, Москва ахәышәтәырҭаҟны уаҳа иоуз ахәра хәышәтәышьа амамкәа дыԥсит, сара ҩышықәса сырҭан усҟан. Саншьа, саб иашьцәа аибашьра иргаз аӡәгьы дыхнымҳәӡеит. 4-5 шықәса аибашьра цон, атәыла бгон. Саб Соломон ихьӡын, саб иашьа Иван ихьӡын аиҵбы, арҵаҩра далгахьан, аус иуан, дҭаацәарамызт. Саншьа Тҟәарчал ашкол адиректорс аус иуан Автандил Ҭемраз-иԥа Делба. Дҭаацәарамызт. Уигьы, изаласаҳахьаз ала, Керч деибашьуан. Саб ихабар акыр сзеилкаауазар ҳәа ашәҟәкәа сыҩхьан, аха аҭак ҳәа акгьы смоуит. Ашьҭахь смоҭа излеилылкааз ала, саб Москва агоспиталь аҟны дыԥсит ихәра аҟынтә. Усҟан анышә иабамардахоз, ирбылуан, акапсулаҟны рыхьӡ рыжәла адырбон", - иҳәеит Самсониа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: