Арадио

Бараҭелиа агәамеизакырҭа азҵааразы: Гәылрыԥшьаа иҳазхоит

Гәылрыԥшь араион ахада Аслан Бараҭелиа арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны дазааҭгылеит агәамсамкажьырҭа азҵаара.
Sputnik
Бараҭелиа агәамеизакырҭа азҵааразы: Гәылрыԥшьаа иҳазхоит

"Азҵаара ԥсыхәа змам ауп ҳәа ианцәырҵ, Аԥсны ахада адҵа ҳаиҭеит аҭыԥ алшәх ҳәа. Агәамсам аизгарҭа ишахәҭоу иҟаҵаны иҳамаӡам. Аибашьра ашьҭахь акаԥсара иалаган, уеиҿкаамкәа ицәырҵыз агәамкаԥсарҭа акәны иҟалеит. Аанда ҟаҳҵан ҩбаҟа гектар ҭакны иҟоуп. Агәамеизгарҭа аҭыԥ ыҟам ҳәа азҵаара анцәырҵ, аҭыԥ алҳхит фбаҟа гектар инацны. Изыхәҭоу иҭырҵаан, аҭыԥ азыманшәалоуп ҳәа ирыԥхьаӡеит. Апроект аныҟаҵахалак, гектрак аҟынӡа анышә жны, ишахәҭоу аус адуланы иҟаҵахоит ҳәа ус иазыӡбан, макьана апроект сымбацт, ацәажәара ауп иҟоу. Уажәы иҳамоу агәамеизакрыҭа, аанда зкәыршоу, ҳара Гәылрыԥшьаа иҳазхоит", - иҳәеит Бараҭелиа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: