Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳаџьымба: Гәылрыԥшь иргылахо агәамсамкажьырҭа аԥҟарақәа ирықәшәо иҟалароуп

© Sputnik / Томас ТхайцукДенис Ҳаџьымба
Денис Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәылрыԥшь араионтә еизара аекологиазы адепутаттә комиссиа ахантәаҩы Денис Ҳаџьымба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Гәылрыԥшь араион аҿы иргылахо агәамсамкажьырҭатә ҭыԥ атәы.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҳаџьымба Гәылрыԥшьтәи агәамсамтә полигон иазкны

"Кацикыҭ ақыҭан иалхны иҟоуп аҭыԥ, аполигон ахьыргылахо. Агәамсам иара ус еиқәыжәны акәымкәа, ишахәҭоу еиԥш, еилыхны. Аҳабла ауааԥсыра ас еиԥш аӡбамҭа атәы анраҳа, ари аус иаҿагылеит, дара иахьа Алашарбага аҳаблаҿ иҟоу аҭагылазаашьа еиԥш Гәылрыԥшьгьы иҟалар ҳәа ишәоит. Араион ахадара ақыҭахь инеины, ауааԥсыра ирацәажәеит. Араион ахадара рхахьы иргеит аполигон анормативқәа зегьы ирықәшәо аргыларазы аус хылаԥшра аҭара, ус еиԥш ианыҟала аргыларақәа ишырԥырхагамхо. Гәылрыԥшь ауааԥсыра адырра ҟарҵеит агәамсам кажьырҭазы аҭыԥ ҿыц аҟаҵаразы аусурақәа зегьы ишахәҭоу иҟарымҵакәа машьынак агәамсам ақәыжьны уахь инеираны ишыҟам", - азгәеиҭеит Ҳаџьымба.    

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0