Анқәаб урыстәылатәи атәанчахәқәа иашамкәа роура далацәажәеит УАФ ахаҭарнак лԥылараан

Урыстәыла Атәанчахәытә фонд адыррақәа рыла, афонд иазыргьежьтәуп 15 миллион мааҭ инареиҳаны.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 7 - Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаби Аԥсны иҟоу Урыстәыла Атәанчахәытә фонд ахаҭарнак Елисо Гәыргәлиаԥҳаи аусутә еиԥылара рыман ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.

Гәыргәлиаԥҳа илҳәеит иахьазы афонд аҿы ишҭаҩу урыстәылатәи атәанчахәы зауа Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа 30 719-ҩык.

"Урыстәылатәи атәанчахәы зауа рҟынтәи рыԥсы ҭоу иҭаму ашьақәыргылара апроцедура иахьахымсыз азы зтәанчахәы аанкылоу ыҟоуп. Урҭ рхыԥхьаӡара 904-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Арахь иаҵанакуам зҭаҩра аамҭа хәажәкыра 1 - лаҵара 31 рыбжьара иақәшәо. Урҭ рзы аҽҭаҩра аамҭа инахоуп рашәара 30 рҟынӡа. Уаанӡа атәанчахәы рызшәалахоит", - ҳәа лҳәеит лара.

Урыстәыла атәанчахәыәт фонд адыррақәа рыла, изакәанымкәа атәанчахәы зауа Аԥсны атәылауаа рхыԥхьаӡара 600-ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Чамагәуа: аԥсуа тәанчахәы ада змауа рыцхрааразы лшарак ыҟазар ҭаҳҵаауеит

"Закәаншьаҭада игоу аԥарақәа рырхынҳәра иахьазы Афонд азы акыр иактуалуп. Урыстәыла Атәанчахәытә фонд иаҳҳәап зыԥсҭазаара иалҵхьоугьы атәанчахәы изоунажьыр ауеит. Урҭ рырхынҳәра нас акыр ауадаҩрақәа ацуп", - ҳәа лҳәеит Гәыргәлиаԥҳа.

Иахьазы Аԥснынтәи Урыстәыла АФ иазырхынҳәтәны иҟоуп 15 миллион мааҭ инареиҳаны ҳәа лҳәеит афонд ахаҭарнак.

Александр Анқәаб иазгәеиҭеит иахәҭоу зегь шыҟаҵатәу закәаншьаҭада игоу аԥарақәа рырхынҳәразы. Аԥара ззыршәо ауаҩы иԥсы ҭоу иҭаму адырразы еиҳа еиӷьны аҭыԥантәи амчратә усбарҭақәа ирнырлатәуп иҳәеит иара.

"Ари аҩыза аҭагылазаашьа Аԥснытәи агани Урыстәыла АФ рыбжьара агәреибагара арӡыр ҟалоит", - иҳәеит Александр Анқәаб.

Аԥыза-министри УАФ ахаҭарнаки иара убасгьы иалацәажәеит атехникатә ҟазшьа змоу азҵаарақәагьы: ианаамҭоу абанкоматқәа рҟны аԥара аҟазаара, аелектронтә документеикәыршара арманшәалара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: