Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Чамагәуа: аԥсуа тәанчахәы ада змауа рыцхрааразы лшарак ыҟазар ҭаҳҵаауеит

© Sputnik Леонид Чамагуа
Леонид Чамагуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи атәанчахәы змауа Аԥсны атәылауаа ртәанчахәы ацҵаразы апарламент аҟны иҟаиҵаз ажәалагала далацәажәеит арадио Sputnik аҟны Жәлар реизара адепутат Леонид Чамагәуа.

"Хра злоу ахҭысқәа": Чамагәуа атәанчахәы ацҵара азҵаара иазкны
"Макьана абиуџьет ҳахәаԥшуеит, актәи аԥхьараҟны иҳадаҳкылеит, аха аԥсахрақәа актәи аҩбатәи аԥхьарақәа рыбжьара иалаҳгалоит. Ари азҵаара шьҭысхит аилатәараҟны атәанчахәы афонд аиҳабы дыҟан, дара ирдыруеит ус еиԥш иҟоу ҳауаажәлар рхыԥхьаӡара зеиԥшроу, насгьы шаҟа аԥара аҭаху ироуа ацхыраагӡа рзацҵаразы. Уажәшьҭа ҩышықәса ҳарҭоуп, атәым ҳәынҭқарра аҟынтәи атәанчахәы змауа ацхыраагӡа рзацҵан бжьаратәла зықь мааҭ рҟынӡа. Иҟоуп 1300 инаркны 2000 мааҭ рҟынӡа зауа. Сара урҭ рхыԥхьаӡараҟны иналкааны рыӡбахә сҳәоит ахәыҷқәа, ахымхәацәа. Иахьа ҩ-нызқь рыла иузыбаӡом. Иааизакны аԥсуа тәанчахәы ада змауа еиуеиԥшым акатегориақәа ирыҵаркуа 7-8 нызқьҩык рҟынӡа рхыԥхьаӡара наӡоит. Урҭ зегьы рзацҵара шаҟа аҭаху  иԥхьаӡаны иҳарҳәароуп, убасгьы алшара ыҟазар иҭҵаатәуп", —  иҳәеит Чамагәуа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0