Уахыки-ҽнаки рыҩныҵҟала Ҟәбан 99-ҩык авирус шьҭыркааит

Краснодартәи атәылаҿацә аҿы иахьатәи аамҭазы акоронавирус рымоуп 1633-ҩык. Урҭ рҟынтәи 94-ҩык – хәыҷқәоуп.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 7 - Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә аҿы аҵыхәтәантәи уахи-ҽни рыҩныҵҟа 99-ҩык авирус рыдбалоуп.

Аԥсны уахыки-ҽнаки рыла 30 коронавирус тест мҩаԥган

"33 хҭыс аҭыԥ рыман Краснодар, 15 – Апшеронсктәи араион, 9 – Кавказтәи араион, 4 – Шәача, 4 – Северск араион, 4 –Усть-Лабинсктәи араион, 3 – Ҟрымсктәи араион, 3 – Калининтәи араион, ҩба-ҩба хҭыс араионқәа: Новороссиск, Гориачи Клиуч, Гулькевичск, Шьчербиновск, Кушьчевск, Староминск, Белореченск рҟны. Аӡәаӡәа ачымазцәа азгәаҭоуп Геленџьик, Темриукск, Тихорецк уҳәа егьырҭ араионқәа рҟны", - ҳәа аҳәоит Ҟәбан ахадара асаит аҿы.

Ичмазаҩу рықәра 5 - 89 шықәса рыбжьара иҟоуп, ахацәа –44-ҩык, аҳәса –55-ҩык.

Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб адыррақәа рыла, аинфекциа иҿыцны аӡәгьы идбалам. Ииасыз уахи-ҽни рыҩныҵҟа коронавирус азы 31-ҩык гәаҭан. Атестқәа ачымазара шьақәыдмырӷәӷәеит.

Акоронавирус иазку аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>