Асҭанда Ҭаркьылԥҳа Аҟәа ақалақь ахадара Аҵара аусбарҭа аиҳабыс дҟаҵоуп

2014 шықәса раахыс аҳҭнықалақь аҵара аусбарҭа аиҳабыс аус луан Лиудмила Адлеиаԥҳа.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 8 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Асҭанда Ҭаркьылԥҳа Аҟәа ақалақь ахадара Аҵара аусбарҭа аиҳабыс дҟаҵоуп ҳәа Sputnik иазаарыцҳаит аҳҭнықалақь ахадара апресс-маҵзураҟынтә.

Анапхгаҩ ҿыц аколлектив дыдирдырит Беслан Ешба лаҵара 8 рзы.

Асҭанда Ҭаркьылԥҳа уаанӡагьы ари аҭыԥ аҿы аус луан, 2007 шықәса инаркны 2014 шықәсанӡа. 2014 шықәсазы усҟантәи ақалақь ахада Адгәыр Ҳаразиа лмаҵура аҟынтәи лхы дақәиҭитәит. Лара лҭыԥ аҿы даҭан Лиудмила Адлеиаԥҳа.