Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аконсултә ҟәша аусура хацнаркуеит

Аҭааҩцәа рахь аҳәара ҟаҵоуп асабардақәа рҿазарц, анапҭырԥақәа рымӷазарц акоронавирус алаҵәара ашәарҭара иахырҟьаны.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 8 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аконсултә ҟәша аусура хацнаркуеит лаҵара 12 инаркны. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа Facebook аҿтәи адаҟьаҟны.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла аконсултә ҟәша аҭааҩцәа аднакылом

Иазгәаҭоуп ихиоу атәылауаҩшәҟәқәа есыҽны ишрырҭо асааҭ 9:00 - 12:45; 14:00- 17:00, ахәаша асааҭ 16:45 рҟынӡа.

Аконсултә ҟәша хәышықәсатәи аҳәаанырцәтә тәылауаҩшәҟәқәа рзы анкетақәа рыдыркылоит ишьақәыргылоу аграфик ала лаҵара 12 инаркны рашәара 2 рҟынӡа.

Еиҳа инарҭбаау аинформациа аиура ҟалоит абри аҭел ала +7 (840) 226-03-91, ма аелектронтә ԥошьҭа rusembsukhum@mail.ru.ала.

Аконсултә ҟәша аҭааҩцәа рыдкылара ааннакылеит хәажәкыра 30 рзы акоронавирустә инфекциа инадҳәаланы иалагалаз аԥкрақәа инарықәыршәаны.

Апандемиа иаалагазар Аԥсны иахьаҵанакуа авирус хҩык роуп измаз. Ҩыџьа ргәабзиара шьақәдыргылахьеит, аӡәы – лыԥсҭазаара далҵит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: