Аԥсны иахьаҵанакуа адистанциатә ҵара аларгалар ҟалоит

Аԥсны иахьаҵанакуа ахәыҷбаҳчақәа, ашколқәа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, Аҟәатәи иаарту аинститут уҳәа русурақәа аанкылоуп акоронавирус алаҵәаразы иҟоу ашәарҭара иахҟьаны.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 10 - Sputnik, Бадри Есиава. COVID-19 алаҵәаразы иҟоу ашәарҭара иахҟьаны иаԥҵоу аԥкрақәа аԥырымхыр, адистанциатә ҵара алагалатәхар ҟалап иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз аҵара аминистр иусқәа назыгӡо Адгәыр Какоба.

"Апрограмма макьана аус адулара иаҿуп. Макьана еиқәшәаӡам, ҳ-IT-специалистцәа аус адырулоит уажәы. Ианеиқәыршәахалак, апрактикахь иалаҳгалоит. Уи хәарҭара аманы, алҵшәа бзиақәа аанарԥшуа иҟалар, аамҭала уи ала аҵараҵара мҩаԥыслартә иҟалоит, акарантин ахьынӡаҟоу. Уи ҳхы иаҳархәоит аҵаҩцәа усда аҩны имтәарц азы", - иҳәеит Какоба.

Аминистр иазгәеиҭеит аус здыруло ари апроект атрадициатә ҵараҵара шамԥсахуа, уи аамҭалатәиуп, апандемиа иахҟьаны иҟоу аҭагылазаашьа еиӷьымхо иалагар, цхыраагӡас иаларгаларц азы ишаԥырҵо.

Аҳәааҿы аԥкрақәа ааныжьтәуп, иагьырӷәӷәатәуп рҳәеит Агәабзиарахьчара аминистрраҿы

Какоба иара убасгьы иҳәеит зхатә компиутери аинтернети змам арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи рзы икоммерциатәым аиҿкаара UNICEF аноутбукқәеи апланшетқәеи аанахәоит ҳәа. Зегьы шазгәаҭоу еиԥш иҟалар, апрограмматә еиқәыршәара хыркәшахоит 7-10 мшы ирҭагӡаны. Аха аҵара аминистрра уи иаразнак аусура иаланагалаӡом.

Аԥсны акарантин аԥыхны аҵаратә усбарҭақәа аусура ианалаго макьана еилкааӡам. Какоба иажәақәа рыла, иааиуа амчыбжь азы ҳтәыла анапхгара акоронавирустә инфекциа иаҿагылоу ауснагӡатәқәа рызҵаарақәа рзы аилацәажәара мҩаԥнагараны иҟоуп. Усҟан акарантин аԥыхра ма ацҵара азҵаарагьы рыӡбар алшоит.

Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, Аԥсны иазгәаҭоуп акоронавирустә хҭысқәа фба - урҭ Москвантәи зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз астудентцәа роуп. Дара Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>