Аҳәааҿы аԥкрақәа ааныжьтәуп, иагьырӷәӷәатәуп рҳәеит Агәабзиарахьчара аминистрраҿы

© Sputnik / Акоп Кущян Граница Псоу
Граница Псоу  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы аоперативтә штаб адырра ҟанаҵеит Аԥсны атәылауаа ԥшьҩык COVID-19 рылоуп ҳәа ахәаша ишышьақәыргылаз.

АҞӘА, лаҵара 9 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаақәа рҿы иҟоу аԥкрақәа шыҟоу иааныжьтәуп ма иҵегьы ирӷәӷәатәуп ҳәа иԥхьаӡоит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа, абри атәы иара иҳәеит асабша, лаҵара 9 рзы имҩаԥысыз абрифинг аҟны.

Иара убасгьы инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны иаарԥшыз акоронавирустә хҭысқәа зегьы аҳәаанырцәынтә иаларгалақәаз роуп, убри азы аҳәынҭқарратә ҳәаақәа рҿы иалагалоу аԥкрақәа шаҭахыц иаҭахуп ҳәа.

"Арҭ афактқәа (иаларгалаз акоронавирустә хҭысқәа - аред.) иахьазы аҭыԥ рымоуп, уаанӡа ахәышәтәырҭа иҭаз ачымазцәагьы атәыла анҭыҵ ичмазаҩхеит. Убри азы ҳара зегьы еицҿакны ҳгәаанагара убас иҟоуп - хымԥада аҳәынҭқарратә ҳәаақәа рҿы иҟоу аԥкарақәа шыҟоу иааныжьтәуп, уи адагьы еиҳагьы рырӷәӷәара аҭахызаргьы ҟалап. Абас мацаралоуп ачымазара ҿкы злазар зылшо ауаа Аԥсныҟа раара иахьынӡалшо аанкылара злаҳалшо", - ҳәа иԥхьаӡоит аминистр.

Ҵахнакьиа Аԥсны атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵоит амедицинатә усзуҩцәа иҟарҵо абжьгарақәеи акоронавирус аламырҵәаразы атәылаҿы иалагалоу аԥкратә уснагӡатәқәеи ирықәныҟәаларц.

Брифинг. Минздрав РА - Sputnik Аҧсны
Агәабзиарахьчара аминистрра: ичмазаҩхаз ԥшьҩык Москва аҵара зҵо ҳастудентцәа роуп

Иацынӡа Аԥсны иахьаҵанакуа COVID-19 зыхьыз ҳәа ҿыц аӡәгьы дшьақәыргыламызт. Апандемиа рыларҳәеижьҭеи зынӡа ҳтәыла иахьаҵанакуа акоронавирус рыхьхьан хҩык ауааԥсыра. Урҭ рахьтә ҩыџьа ргәабзиара ҭышәынтәаланы ахәышәтәырҭа иҭырҩаахьеит, даҽаӡәы, 1925 шықәса ииз аԥҳәыс бырг, лыԥсҭазаара далҵит.

Аԥсны аиҳабыра акоронавирус аламырҵәаразы иаларгалаз аԥкрақәа рыҿҳәара лаҵара 15 рҟынӡа инахеит. Аҳәаанырцәуаа рзы иаркуп аҳәаақәа рыҩбагьы.

Акоронавирус алаҵәара иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0