Арадио

Ҭарба Гәыма ақыҭазы: уадаҩра дук, ауаа зыргәамҵуа ак ыҟоуп ҳәа сызҳәаӡом

Аҟәа араион ақыҭа Гәыма ахада Ҳаџьараҭ Ҭарба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит анхацәа рыԥсҭазаашьа атәы.
Sputnik

 

Ҭарба Гәыма ақыҭазы: уадаҩра дук, ауаа зыргәамҵуа ак ыҟоуп ҳәа сызҳәаӡом

"Ақыҭа дууп, аха иқәынхо рхыԥхьаӡара маҷуп, 16 ҭӡы роуп иҟоу. Амҩақәа аиҭашьақәыргылара иаҿын Каман инаркны, аха ақалақь иахьаазаигәахо аҭагылазаашьа цәгьоуп. Аусурақәа макьана аамҭала иаанкылоуп, уи ари акризис иҟоу иахҟьазар акәхап, аха нап адыркхьан, иагьшыҟаҵахо атәы адырра ҳарҭахьан. Аӡы азы уадаҩрак ҳәа ҳамаӡам, ишахәҭоу зегьы ҟаҵоуп аҳаблақәа зегьы рҟынӡа аӡымҩангагақәа шьҭоуп. Ақыҭаҿы уадаҩра дук, ауаа зыргәамҵуа ак ыҟоуп ҳәа сызҳәаӡом. Доусы рхы иахәартә иҟоуп, абыржәы иҟалаз акризис иахҟьаны ԥыҭҩык ацхыраара раҳҭеит умҳәозар, зегьы рхы ныҟәыргоит. Еиҳарак ара инхо аерманцәа роуп. Ҩ-ҭаацәарак, ҩ-ҭаацәарак аурысцәеи аԥсацәеи", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҭарба.

 

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: