Аԥсны даҽаӡәгьы акоронавирус идырбалеит

Аоперативтә штаб адыррақәа рыла, иахьа акоронавирус азы агәаҭара иахысит 17-ҩык ауааԥсыра.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 11 - Sputnik. Адиагноз COVID-19 даҽаӡәгьы изықәдыргылеит ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Акоронавирус зыдбалаз акурсант иан: схәыҷы ара дахьыҟоу иаҳа сгәы ҭынчуп

Ачымазара зыхьуа Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭахь днагахоит.

Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы абри аамҭазы ишьҭоуп уажәаԥхьа акоронавирус здырбалаз фҩык апациентцәа. Урҭ рахьтә ҩыџьа ганкахьалатәи агәаҵәкра рымоуп, аха рыԥсыԥлагаҩагара еиԥҟьам. Зеиԥшла апациентцәа зегьы рҭагылазаашьа уадаҩым.

Лаҵара 11 рзы атәылаҿы COVID-19 зцәа иалоу быжьҩык апациентцәа ыҟоуп.

Лаҵара ааба рзы акоронавирус рыдбалан Урыстәылантәи Аԥсныҟа иааны Аҟәа асасааирҭа "Аиҭар" аҟны акарантин зхызгоз астудентцәа ԥшьҩык. Адырҩаҽны адиагноз рзықәдыргылеит даҽа ҩыџьагьы.

Мшаԥымзазы акоронавирус рыхьит хҩык ауааԥсыра, ҩыџьа Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа хадаҿы рыхәышәтәра ашьҭахь ргәы бзаханы рыҩныҟа илрыҩааит, аӡәы – 1925 шықәсазы ииз апациент – лыԥсҭазаара далҵит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: