"Аурысқәа рхеилак" аԥара еидкыланы Агәабзиарахьчара аминистрра ианаҭеит

© Sputnik / Павел Львов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАппарат для ИВЛ в мурманской детской областной больнице.
Аппарат для ИВЛ в мурманской детской областной больнице. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра акоронавирустә чымазара аҿагыларазы ихәарҭоу амедицинатә маҭәахәқәа аанахәоит.

АҞӘА, лаҵара 11 - Sputnik. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра иахыԥхьаӡалоуп жә-миллионки 150 нызқьи мааҭ "Аԥсны иҟоу аурысқәа рхеилак" иамҭаны. Абри азы адырра ҟанацеит аминистрра апресс-маҵзура.

"Иҳауз аԥара иаанахәаша амедицинатә маҭәахәқәа раагаразы аиқәшаҳаҭра ҳнапы аҵаҳаҩхьеит, уа иарбоу аҿҳәарақәа инарықәыршәаны аидара Аԥсныҟа иаашьҭхоит. Даараӡа иҭабуп ҳәа расҳәоит Ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥсны иҟоу аурысқәа рхеилак" анапхгара, иҳарҭаз ацхыраара ду азы", – ҳәа азгәеиҭеит агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа.

Ари аԥарала иаархәо амедицинатә маҭәахәқәа рахь иаҵанакуеит арыԥҳақәа аҳауарҭарсга аппарат, аԥсыԥлагаҩагаратә аппарат, авидеобронхоскоп, аҳауарыцқьагақәа, апациентцәа рмониторқәа уҳәа.

Иахьазы Аԥсны фҩык акоронавирус рыдбалоуп. Афҩыкгьы Москвантә иааз аԥсуа курсантцәа роуп.

Мшаԥымзазы акоронавирус рыхьит хҩык ауааԥсыра, ҩыџьа Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа хадаҿы рыхәышәтәра ашьҭахь ргәы бзаханы рыҩныҟа илрыҩааит, аӡәы – 1925 шықәсазы ииз апациент – лыԥсҭазаара далҵит.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0