Аԥсны даҽа хҩык акоронавирус рыдбалоуп

Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны авирус амазааразы 39-ҩык атестқәа ирхысит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 12 - Sputnik. Аԥсны атәылауаа аҽа хҩык акоронавирус рыдбалоуп ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа амедиаҳәшьа: ачымазара агәра зымго ҳазлагылоу дырбатәын

Ичмазаҩу Урыстәылантәи ааигәа иааз, асасааирҭа "Аиҭар" аҿы акарантин иахысуа роуп.

Дара Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь ирышьҭраны иҟоуп.

Быжьҩык апациентцәа Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы рыхәышәтәра иаҿуп. Аҳақьымцәа ишырҳәо ала, рҭагылазаашьа шыҟац иҟоуп ибааԥсу адинамика амам.

Иахьазы асасааирҭа "Аиҭар" аҿы акарантин иахысуеит 256-ҩык аҳәаанырцәынтә ихынҳәыз ҳтәылауаа. Урҭ рҟынтәи 216-ҩык курсантцәоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: