Аоперштаб адырра ҟанаҵеит Аԥсны аҳәаа ишахысуа "џьаргьы иҭарымгало" атәылауаа

© SputnikКПП Псоу
КПП Псоу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭоу аԥснытәи астудентцәа ԥшьҩык COVID-19 шрылаз аарԥшын ахәаша, лаҵара 8 рзы.

АҞӘА, лаҵара 9 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа иахысуеит џьаргьы иҭарымгало атәылауаа иҳәеит абрифинг аҟны Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб алахәыла, Апарламент адепутат Алхас Џьынџьал.

"Иахьа ҳҳәынҭқарратә ҳәаа иабзоуроуп ҳтәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа бзиа ашьақәыргылараҿы. Уажәазы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иахьырԥшны аусмҩаԥгатәқәа ҿыцқәа азгәаҳҭеит - аҳәааҿы амедицинатә хылаԥшра рӷәӷәатәуп, амедицинатә адагьы, иааидкылан зегьы ирхылаԥштәуп.  Аӡәгьы иқәнагамкәа ахара идысҵар сҭахым, аха иҟоуп адыррақәа аҳәаа ишахысуа џьаргьы иҭагалам атәылауаа. Убри азы "ишәаҳамҳәахьази" ҳәа аҳәара ҳақәшәыршәоит. Аха уеизгьы иҟалалакгьы, ҳара ицәырҵуа апроблемақәа рҿагылара ҳазыхиоуп", - иҳәеит Џьынџьал.

Иара убасгьы иара иазгәеиҭеит иҟоу аҭагылазаашьаҟны аиаша иацәыхароу аинформациа алазырҵәақәогьы ҟалар шалшо. Убри инамаданы иара ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит ачҳареи агәҭынчреи аадырԥшырц, аофициалтә хыҵхырҭақәа заҵәык рыгәра ргаларц, зҵаарақәак рызцәырҵуазар, уахгьы-ҽынгьы аус зуа аҭелтә еимадара ҷыдала аспециалистцәа ирыдҵаалаларц. 

Граница Псоу  - Sputnik Аҧсны
Аҳәааҿы аԥкрақәа ааныжьтәуп, иагьырӷәӷәатәуп рҳәеит Агәабзиарахьчара аминистрраҿы

Ахәаша, лаҵара 8 рзы Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб адырра ҟанаҵеит Аԥсны атәылауаа ԥшьҩык акоронавирус шрыхьыз азы. Ичмазаҩхаз зегьы Урыстәылантәи зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз астудентцәа роуп.

Уаанӡа акоронавирус рылоуп ҳәа рыӡбахә рҳәахьан ҳтәылауаа хҩык. Урҭ рахьтә ҩыџьа ргәы бзиахан, ахәышәтәырҭа иҭырҩааит, ахԥатәи ачымазаҩ, 1925 шықәсазы ииз аԥҳәыс бырг лыԥсҭазаара далҵит.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0