COVID-19 аҿагылазаразы аԥкыратә уснагӡатәқәа дырԥсыҽыр ҟалоит

Акоронавирустә инфекциа аламырҵәаразы Аԥсны аҩныҵҟа лаҵара 15 рҟынӡа аԥкыратә уснагӡатәқәа аус руеит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 12 - Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб ихаҭыԥуаа, агәабзиарахьчара аусбарҭақәа рхадацәеи асанитартә хылаԥшра аусхк ахадацәеи алархәны имҩаԥигаз аилацәажәараан иазгәаҭан COVID-19 атәыла аҩныҵҟа аҿагыларазы аԥкыратә уснагӡатәқәа рырԥсыҽра алыршара.

Аԥсны ААР: Урыстәылаҟа ҽыхәышәтәра ицо ауаа ҷыдала адокументқәа аздырхиалароуп

Абри азы ажәалагалақәа ирыхәаԥшраны иҟоуп лаҵара 14 рзы иазыԥхьагәаҭоу ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы Акординациатә штаб аилатәараҿ.

Аԥыза-министри аилатәара алахәылацәеи алацәажәеит иҟоу аҭагылазаашьа, акарантинтә уснагӡатәқәа рылҵшәақәа, Урыстәылантәи иааз астудентцәа рҽыԥхьакратә уснагӡатәқәа риеҿкаара, Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа аматериал-техникатә маҭәахәқәеи ахәшәқәеи рыла аиқәыршәара.

Аилацәажәараан иара убасгьы ирылацәажәан аԥкыратә уснагӡатәқәа раан аекономика аҭагылазаашьеи абиуџьеттә политика аԥыжәарақәеи ртәы.

Аԥсны аиҳабыра рхада иазгәеиҭеит абиуџьет аныхрақәа реиҿкаараан аԥыжәара аманы ишыԥхьаӡатәу асоциалтә усхк.

Аԥсны даҽаӡәгьы акоронавирус идырбалеит

"Иахьа абиуџьет анапхгараан ииашаны аԥыжәара ахьыҟаҵатәу иазхәыцтәуп. Афинансқәа рминистрра ахәаԥшуеит иазыԥхьагәаҭоу аныхрақәа еиуеиԥшым аусхкқәа рҟны. Раԥхьа иргыланы аԥарақәа азырхахоит амедицинатә усзуҩцәа рулафахәы ашәареи араионқәа рҿы асоциалтәи атәанчахәытәи шәарақәеи рымҩаԥгара", - ҳәа иҳәеит Анқәаб.

Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб ихаҭыԥуааи, агәабзиарахьчара аусбарҭақәа рхадацәеи, асанитартә хылаԥшра аусхк ахадацәеи алархәны имҩаԥигеит аилацәажәара.

Аԥсны иахьазы акоронавирус змоу быжьҩык ыҟоуп. Ичмазаҩу зегьы Москвантәи аҩныҟа ихынҳәыз аԥсуа студентцәа роуп.

Мшаԥымзазы акоронавирус рыман хҩык атәылауаа. Ҩыџьа Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иҭан, ргәы бзиаханы илҩаауп, аӡәы - 1925 шықәса рзы ииз аԥҳәыс лыԥсҭазаара далҵит.

Акоронавирус иадҳәалоу ҳажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>