Ҭеимураз Хышба Аԥсны атуризм аминистрс дҟаҵоуп

2016 шықәса раахыс Аԥсны атуризм аминистрс дыҟан Авҭандил Гарцкьиа.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 12 - Sputnik. Ҭеимураз Хышба атуризм аминистрс иҟаҵаразы аусдҵа инапы аҵаиҩит атәыла ахада Аслана Бжьаниа ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Аслан Бжьаниа Аԥсны аминистрцәа реилазаара аструктура шьақәирӷәӷәеит

Уаанӡа Аслан Бжьаниа Аминистрцәа реилазаара аструктура шьақәирӷәӷәеит. Аминистррақәа 12 рҟынтәи 14 ҟалеит. Акурортқәеи атуризми рзы аҳәынҭеилакы аминистррахь ииаган.

Ҭеимураз Хышба диит хәажәкыра 10, 1986 шықәса рзы, Қарҭ. 2001 шықәса рзы Гагратәи абжьаратә школ №2 далгеит, 2007 шықәса рзы – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет абаҩрҵәыреи аспорти рфакультет.

2002 – 2008шш. – Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ахәаахәҭра-економикатә университет астудент.

2002 - 2004 шш. – Москватәи амедицинатә еилахәыра "Эстетика" адиректор ихаҭыԥуаҩ.

2007ш. – Гагра араион ахадара аунитартә наплакы "Районный центр рекламы" аҟазауаҩ.

2007 – 2009шш. – москватәи анаплакы ИАЕ "Николя Тибо" амениџьер.

2010 – 2011шш. – Гагра ариаон ахадара аҿари аспорти рзы Аилак аинструктор.

2011 – 2012шш. – аунитартә наплакы "Гагра-Свет" адиректор.

2012 – 2014шш. – Гагра араион ахадара акурортқәеи атуризми рзы аҟәша аиҳабы.

2014 шықәса рзы Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵан.

2016 шықәса рзы Гагра араион АПП "Иаку Аԥсны" ахантәаҩы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: