Ареформақәеи аркьаҿрақәеи: Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аҽеиҭакшьа

© Sputnik / Томас ТхайцукКабинет министров республики Абхазия
Кабинет министров республики Абхазия  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мшаԥы 24 рзы Аԥсны Аиҳабыра ԥхьатәара ицеит. Аԥсны ахада ҿыц Аслан Бжьаниа хымз рыҩнуҵҟа Аминистрцәа реилазаара ҿыц еиҿикаароуп.

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Аминистрцәа реилазаараҿы имҩаԥысуаз аиҭакрақәа ртәы Sputnik аматериал аҿы.

Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

Аԥыза-министр Валери Бганба инапы аҵаиҩит Аусдҵа Аԥсны ахада ҿыц Аслан Бжьаниа иҿаԥхьа Аԥсны Аиҳабыра ԥхьатәара ицаразы.

Бганба ҭабуп ҳәа реиҳәеит имҩаԥгаз аусуразы еиҳабыс дызмаз аилазаара алахәылацәа. Иара иазгәеиҭеит ишыҟаз аиҵахарақәа реиԥш аихьӡарақәагьы.

Александр Анқәаб  - Sputnik Аҧсны
Александр Анқәаб Аԥсны аԥыза-министрс дҟаҵоуп

"Аԥыза-министрс аус зуеижьҭеи шықәсыки бжаки рзы имҩаԥгаз ҳусеицуразы ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп. Ари аамҭазы 2009 шықәса раахыс раԥхьаӡа акәны инагӡан абиуџьет, зныкгьы еиҵахара ҟамлеит ауалафахәы, атәанчахәы, ацхыраагӡақәа ршәаразы. Аинвестициатә программа ҭышәныртәалан", - иҳәеит иара.

Валери Бганба иазгәеиҭеит 2020 шықәса ажьырныҳәамзазы Рауль Ҳаџьымба инапынҵақәа анышьҭеиҵаз ашьҭахьтәи аамҭа уадаҩқәа раан аиҳабыра алахәылацәа иаадырԥшыз "апрофессионализм, апатриотизм, ауаҩра".

Анаҩс Валери Бганба Аиҳабыра аилатәараҟны Аминистрцәа реилазаара ԥхьатәара ашьҭразы азҵаара абжьыҭарахь иқәиргылеит. Зегьы еицҿакны уи азы рыбжьы арҭеит.

Мшаԥы 24 рзы Аԥсны аиҳабыра дахагылеит уаанӡатәи Аԥсны ахада Александр Анқәаб.

Аиҳабыра ҿыц еиҿкаахаанӡа Аминистрцәа реилазаара алахәылацәа рнапынҵақәа нарыгӡалоит.

Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ԥхьатәара ицеит

Хымз аиҭакрақәа рзы: аҭоубашьҭаҵара ашьҭахьтәи ашьаҿақәа

Аминистрцәа реилазаара уаанӡатәи аилазаара

2019 шықәса жьҭаарамзазы Аԥсны ахадас иалхыз Рауль Ҳаџьымба Аԥсны аԥыза-министрс ҩаԥхьа Валери Бганба дҟаиҵеит жьҭаара 14 рзы. Абри ашьҭахь Рауль Ҳаџьымба аминистррақәеи аҳәынҭеилакқәеи рнапхгаҩцәа раҭаразы аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит. Еиҳарак уаанӡа иҟаз анапхгаҩцәа зегьы ааныжьын.

Рауль Хаджимба - Sputnik Аҧсны
Аминистрцәа реилазаара ашьақәырӷәӷәаразы ақәҵарақәа анапы рыҵаҩуп

Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрс деиҭаҟаҵан Лев Кәыҵниа. Атәылахьчара аминистрс даанхеит Мираб Кьышьмариа.

Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс дҟаҵан Гарри Аршба, аха ԥхынҷкәынмза 2019 шықәса рзы уи ԥхьатәара дышьҭын Аҟәа ақалақь агәаны иҟалаз ауаҩшьрақәа рышьҭахь. Уи ихаҭыԥан Раули Смыр дҟаҵан.

Акультура аминистрс дааныжьын Ельвира Арсалиаԥҳа. Аиустициа аминистрс ҩаԥхьа дҟаҵан Марина Ԥлиаԥҳа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрс - Ҭамаз Ҵахнакьиа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Адемографиеи арепатриациеи рминистрс - Беслан Дбар.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩыси Афинансқәа рминистрси дҟаҵан Џьансыхә Нанба. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩыси Аекономика аминистрси дҟаҵан Адгәыр Арӡынба. Ареспублика ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрс – Даур Кәырмазиа.

Аԥсны Аҵара аминистрс – Адгәыр Какоба. Адәныҟатәи аусқәа рминистрс деиҭааныжьын Даур Ақаҩба.

Аԥсны ахада аминистрцәа раҭаразы аусԥҟақәа инапы рыҵеиҩит

Ақытанхамҩазы аилак ахантәаҩыс деиҭааныжьын Амиран Какалиа, Акурортқәеи атуризми рзы аилак ахантәаҩыс - Авҭандил Гарцкьиа.

Уаанӡа атәыла ахада Рауль Ҳаџьымба Аԥсны аԥыза-министрс Бганба Валери иҟаҵараз аусԥҟа инапы аҵаиҩхьан, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩыс деиҭеит Даур Аршба.

Астатистиказы Аҳәынҭеилакы аиҳабыс деиҭаҟалеит Кама Гогьиаԥҳа. Гарри Саманба ҩаԥхьа Астандартқәеи, ахархәаратәи атехникатәи хылаԥшреи рзы аилак ахантәаҩыс даҭан. Ахатәтәразы аилак ахантәаҩыс деиҭаҟаҵан Вахтанг Ԥиԥиа.

Ирԥсахыз Аҳәынҭқарратә ҳазалрхратә еилакы ахантәаҩы иоуп. Ҿыц даҭан Гәырам Инаԥшьба.

Аԥсны ахада аҳәынҭеилакқәеи Арккара аминистрреи рхадацәа аиҭеит

Аиҭакреи аоптимизациеи

Аԥсны Аҳәынҭқарра аиҳабыра рзы Аконституциатә закәан инақәыршәаны Аминистрцәа реилазаара рнапынҵақәа шьҭарҵоит иҿыцны иалху ахада иҿаԥхьа.

Аиҳабыра уаанӡатәи реилазаара еиҿкаан Аԥсны усҟантәи ахада Рауль Ҳаџьымба официалла атәыла иахагылара ашьҭахь.

Кабинет министров республики Абхазия - Sputnik Аҧсны
Аԥсны аминистрцәа реилазаара аструктура аиҭакрақәа алагалахеит

Азакәан инақәыршәаны Ҳаџьымба хымз рыҩнуҵҟа еиҿикаар акәын Аминистрцәа реилазаара. Аԥсахрақәа маҷын. Аԥыза-министрс дшыҟаз дааныжьын Валери Бганба.

Имҩаԥган аиҭеиҿкааратә уснагӡатәқәа: Ақыҭанхамҩазы аминистрреи Акурортқәеи атуризми рзы аминистрреи аилак аҟынӡа иларҟәын; Агәабзиарахьчара аминистрреи Аџьеи, аусурамазаареи, асоциалтә еиқәыршәареи аминистрреи еидҵан – Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистрра ҳәа; Абаҩырҵәыреи аспорти рзы аилаки Аҿартә политикахзы аилаки ракәзаргьы акны еиҿкаан; Аимадареи амассатә коммуникациақәеи, атранспорти, аимадара аҳәынҭқарратә хылаԥшреи рзы аусбарҭақәа иаку еиҿкаараны иҟаҵан; Аргылареи архитектуреи рзы аҳәынҭеилакы архитектуреи, ақалақьргылареи, анхамҩа-коммуналтә маҵзуреи рзы усбарҭан еиҭаркит; Аҳәынҭстатистика аусбарҭа аилак ахь ииаган.

Иара убасгьы Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра Акультура аминистрра ҳәа ахьӡ еиҭакын.

Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба аиҳабыра реилазаара ҿыц шьақәирӷәӷәеит

Арепатриациа аминистрра Адемографиеи арепатриациеи рминистрра ҳәа ахьыӡҵан. Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра – Аҵара аминистрра ҳәа еиҭакын.

Аиҭеиҿкаара иалҵшәаны иаанхеит 12 министрра.

Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба жьҭаара 28 рзы аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аминистрцәа Реилазаара ҿыц ашьақәыргыларазы.

Аштатқәа роптимизациа шцо азы аҳасабырбақәа ҟаҵоуп

Иара адҵа ҟаиҵеит аҳәынҭқарратә напхгараҭаратә усбарҭақәа рзеиԥш штаттә хыԥхьаӡара 15 процент рыла аоптимизациа азухарц азы. Абри аус ҿҳәарас иамоуп 2020 шықәса ажьырныҳәа 1-нӡа. Анаҩс Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба абҵара 12 рзы адҵа инапы аҵаиҩит "Аԥсны аҳәынҭқарратә усбарҭақәак рзеиԥш штаттә хыԥхьаӡара аоптимизациа азуразы".

Ажьырныҳәа 31 рзоуп Аԥсны Аминистрцәа реилазаараҟны имҩаԥысуаз аилатәараҿы аминистррақәеи аусбарҭақәеи рхадацәа аштаттә оптимизациазы аҳасабырба аныҟарҵа.

Аминистрцәа реилазаараҿ аиҭакрақәа: анапы рыҵаҩуп еиуеиԥшым аусԥҟақәа

Ажәабжьқәа зегьы
0