Џьансыхә Нанба атәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп

Мшаԥы 24 рзы Аԥсны ахада Иусбарҭа анапхгаҩыс дарҭеит Алхас Кәыҵниа. Лаҵара 12 рзы - уи ихаҭыԥуаҩ.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 13 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иусдҵала Џьансыхә Нанба атәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп.

Уаанӡа Џьансыхә Нанба аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩыси, афинансқәа рминистрси дыҟан. Иара абри аус дахагылан 2018 шықәса раахыс.

Аслан Бжьаниа идҵала мшаԥы 28 рзы аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩыси афинансқәа рминистрси дҟалеит Владимир Делба.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: