Аслан Бжьаниа афинансқәа рминистри аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩи аиҭеит

© Sputnik Томас ТхайцукЗдание кабмина. Архивное фото.
Здание кабмина. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аслан Бжьаниа Аминистрцәа реилазаара аструктура шьақәирӷәӷәеит мшаԥы 28 рзы. Раԥхьатәи иусԥҟала Аԥсны аԥыза-министрс мшаԥы 24 рзы даҭан Александр Анқәаб.

АҞӘА, мшаԥы 28 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ҩ-усԥҟак инапы рыҵаиҩит. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада иофициалтә саит.

Церемония инаугурации избранного президента Абхазии Аслана Бжания - Sputnik Аҧсны
Хымз аиҭакрақәа рзы: аҭоубашьҭаҵара ашьҭахьтәи ашьаҿақәа

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистрс дҟаҵазарц Владимир Делба.

Аҩбатәи аусԥҟала Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩс дҟаҵоуп Беслан Џьапуа.

Владимир Делба

Владимир Делба - аполитикатә усзуҩ, аекономист.

Диит цәыббра 26, 1974 шықәсазы.

Далгеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, анаҩсан дҭалоит Ломоносов ихьӡ зху аҳәынҭқарратә универститет аудити анализы рзы аспирантура.

Жьҭаара 2011 шықәса инаркны мшаԥы 8, 2015 шықәсанӡа Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистрс дыҟан. Лаҵара 2, 2014 шықәса инаркны цәыббра 29, 2014 шықәсанӡа Аԥсны аԥыза министр инапынҵақәа наигӡон.

Беслан Џьапуа

Беслан Џьапуа диит 1962 шықәсазы. Далгеит Аҟәатәи ақыҭанхамҩатә факультет (ГИСХ). 1992-1993 шықәсқәа рзы далахәын Аԥсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра.

1993 шықәса инаркны аус иуан Очамчыратәи ачаифабрикаҿы нџьнырс.

2007 шықәсазы Жәлар Реизара Апарламент адепутатс далырхит.

2011-2014 шықәсқәа рзы ақыҭанхамҩа аминистрс дыҟан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0