Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны иахьаҵанакуа авирус аӡәгьы идрымбалеит

Лаҵара 15 азтәи адыррақәа рыла, Аԥсны  коронавирус змоу 14-ҩык ыҟоуп, урҭ руаӡәк ахәышәтәырҭа дылрыҩаауеит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 15 - Sputnik. Аҵыхәтәантәи уахи-ҽни Аԥсны акоронавирус амазааразы игәарҭеит 20-ҩык, урҭ аӡәгьы COVID-19 идбалам ҳәа аанацҳауеит аоперативтә штаб.

"Хара имгакәа Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иҭаз апациентцәа руаӡәк дылырҩаауеит. Егьырҭ авирус змоу рҭагылазаашьа шыҟац иҟоуп, рдинамика ҵоурамкәа иҟам. Дара зегьы иахәҭоу атерапиа роуеит", - ҳәа аҳәоит аштаб адырраҭара.

Лаҵарамза алагамҭазы Аҟәатәи асасааирҭаҿы 14 мштәи акарантин ахь инарышьҭит урыстәылантәи иааз раԥхьатәи акурсантцәа.

Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр акурсантцәа рҭаацәа дырԥылеит

Лаҵара 8 рзы ԥшьҩык акоронавирус рыдбалан, лаҵара 9 рзы – аҽа ҩыџьа. Дара зегьы  Москвантәи аҩныҟа ихынҳәыз астудентцәа роуп.

Лаҵара 11 рзы аҽаӡәгьы ишимаз шьақәырӷәӷәахеит, лаҵара 12 рзы – хҩык. Лаҵара 13 рзы авирус  змаз рхыԥхьаӡара 12-ҩык ыҟан.

Акоронавирус аҟынтәи ауааԥсыра рыхьчаразы аоперативтә штаб аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, ареспубликаҿы COVID-19 14-ҩык ирымоуп: 13-ҩык астудентцәеи Даӷьсҭанынтәи иааз Урыстәылатәи арратә база аррамаҵзурауаҩи.

Мшаԥымзазы хҩык Гагра ауааԥсыра ачымазараҿк рыхьит. Ҩыџьа ргәабзиара шьақәгылеит, аӡәы, 1925 шықәса рзы ииз, лыԥсҭазаара далҵит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: