Урыстәылантәи Аԥсныҟа ихынҳәыз акурсантцәа ааҩык ркарантин хыркәшоуп

© Foto / предоставлено Тимуром АдлейбаГостиница Айтар
Гостиница Айтар  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьазы асасааирҭа "Аиҭар" аҿы акарантин рхыргоит 210-ҩык акурсантцәа. Зынӡа Аԥсныҟа ихынҳәит Урыстәылатәи арратә ҵараиурҭақәа ирҭоу астудентцәа 232.

АҞӘА, лаҵара 15 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Урыстәылантәи Аԥсныҟа ихынҳәыз акурсантцәа ааҩык акарантин рхыганы рыҩныҟақәа ицеит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Атәылахьчара аминистрра апресс-маҵзураҿы.

Набережная Махаджиров  - Sputnik Аҧсны
Аслан Бжьаниа рашәарамзанӡа ԥкырақәак шыҟоу иаанижьуеит

Акурсантцәа арахь иааит лаҵара 1 азы. Дара зегьы акоронавирус амазааразы атестқәа ирхыган. Аминистрраҿы ишырҳәаз ала, дара аӡәгьы шәарҭара дҭадыргылом.

"Иахәҭаз апроцедурақәа зегьы ирхыжьын, анализқәа зегьы ҟаҵан. Атестқәа иаадырԥшит авирус шрымам. Ааҩыкгьы ргәы бзиоуп. 14 мштәи акарантин нҵәеит. Иахьа урҭ рыҩныҟақәа ицеит", - ҳәа рҳәеит аусбарҭаҿы.

Иахьазы асасааирҭа "Аиҭар" аҿы акарантин рхыргоит 210-ҩык акурсант. Зынӡа Аԥсныҟа ихынҳәит Урыстәылатәи арратә ҵараиурҭақәа ирҭоу астудентцәа 232.

Урҭ рҟынтәи 14-ҩык акоронавирус рыдбалан. COVID-19 змоу Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы иахәҭоу ахәышәтәра иахысуеит.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0