Бзыԥ ауааԥсыра агранатақәеи агранатаршәга џьаԥҳани рбеит

Аԥсԥны АҶА ауааԥсыра рахь аҳәара ҟанаҵоит абџьари аџьаԥҳани збо урҭ ирыламкьысырц, реиҵыхразы аҟазауаа адырра рырҭаларц.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 19 - Sputnik. Гагра араион Бзыбԥҭа аҳаблаҿы аҭыԥантәи ауааԥсыра арҭҟәацгақәа рбеит ҳәа аанацҳауеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра.

Аԥсны АҶА аусзуҩцәа агаранатаршәга аснариадқәа рбеит

Адырра инақәыршәаны, анапылаҟаҵаратә ӡытҟәа ахықәаҿы ирыԥшааит: агранатаршәга "ВОГ-25" азы аџьаԥҳаны хә-цырк, агранатақәа "РГ-42", анапылатә гранатқәа "Ф-1", анапылатә граната "РГД-5", аграната "УЗРГМ-2" ахеиҵаҵа.

Аԥсны АҶА апиротехникатә ҟәша аусзуҩцәа аԥшаахқәа иахьшәарҭамыз иқәганы еиҵырхит.

Лаҵара 4 рзы агранатаршәгақәа ВОГ-24, ВОГ-25 аснариадқәа ԥшьба рбеит Аԥсны АҶА аусзуҩцәа Алашарбага араион аҿы аҭыԥ змаз амцакра арцәараан. Абылраан аснариадқәа руак ԥжәеит.

Иԥшааз аснариадқәа Алада Ешыра аполигон аҿы иганы иԥжәан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: