Аибашьыгатә граната ԥшаан Гәдоуҭа ақалақь агәҭа

© Foto / МЧС Абхазии Боевая граната на дороге
Боевая граната на дороге  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа аибашьыгатә граната шыԥшааз азы Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра адырра аҭан асааҭ 14:33 рзы.

АҞӘА, мшаԥымза 5 – Sputnik. Аибашьыгатә граната РГД-5 ԥшаан Гәдоуҭа, Маан имҩала ҳәа Sputnik акорреспондент изааицҳаит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра апиротехника аҟәша аиҳабы Рамиз Цыгәба.

"Аграната амацәази ачекеи амхын, уи ԥжәар акәын, аха изыхҟьазаалакгьы – иԥымжәеит. Ҳара ауаа ахьыҟамыз иаҳгеит, уаҟа иахьшәарҭам аҭыԥ иқәҵахоит", – иҳәеит иара.

АҶА аусзуҩцәа аграната ахьыԥшааз аҭыԥан амҩа ркит, иахәҭоу аусмҩаԥгатәқәа рынагӡаразы. Аџьаԥҳаны ауаа рынхарақәа рааигәара неишьас иаиуз аҭҵаара иаҿуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0