Миллиардк инеиҳаны аԥара ҭыгоуп: Бараҭелиа абанктә усхк далацәажәеит

Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаби Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиеи аусутә еиԥылара мҩаԥыргеит лаҵара 18 рзы.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 19 - Sputnik. Мшаԥымзатәи аихшьаалақәа рыла, аԥснытәи абанкқәа рҟынтәи аклиентцәа миллиардки 100 миллионки мааҭ аԥара ргеит ҳәа иҳәеит аиԥылараҿы Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа.

Бараҭелиа иажәақәа рыла, ииасыз ашықәс иаҿырԥшны аԥарақәа аԥхьаӡамҭақәа рҟынтәи агара 40-45%.

"Аԥара рацәа ҭыгоуп. Ауадаҩрақәа шыҟазгьы абанктә система аусура еиԥнамҟьеит. Хәажәкырамзазы абанкқәа рыԥхьаӡамҭақәа рҟынтәи иган миллиардки 300 миллион мааҭ, мшаԥымзазы – миллиардки 100 миллион мааҭ", – ҳәа иҳәеит Бараҭелиа.

Иара иазгәеиҭеит лаҵарамзазы аҭагылазаашьа шьақәтәеит уи зыхҟьо акаранитин арԥсыҽроуп ҳәа.

Амилаҭтә банк ахантәаҩы аԥыза-министр изеиҭеиҳәеит абанктә усхк аҭагылазаашьа

Беслан Бараҭелиа иара убасгьы Александр Анқәаб изеиҭеиҳәеит атәанчахәы ауаа рыҭара ишалагахьоу. Убри аан 130 миллион Аҟәа ироуаз атәанчахәы аҟынтәи уахыки-ҽнаки рыла 50 миллион аԥара ҭгоуп.

Мшаԥы 1 азы Амилаҭтә банк акредиттә еиҿкаарақәа ирабжьнагеит ауалқәа ареструктуризациа рызузарц иҟоу аҭагылазаашьа инамаданы.

Бараҭелиа ишиҳәаз ала, абанкқәа ирыҭоуп алшара рхала аӡбра рыдыркыларц.

Бараҭелиа иара убасгьы иҳәеит арзаҳалқәа зегьы ишрықәшаҳаҭу. Арзаҳалқәа рзеиԥш хыԥхьаӡара даламцәажәеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: