АҞӘА, мшаԥы 30 - Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб Аԥсны Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиеи иареи реиԥылараан иалацәажәеит иҟоу аекономикатә ҭагылазаашьаан абанктә усхк аусура атәы. Аилацәажәара далахәын аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьапуа.
"Иааидкыланы арҭ аамҭа уадаҩқәа раан атәыла абанктә система ицәгьамкәа аус ауеит. Убри аан аҳәаа аркреи анаплакратә активреи ирҿырԥшны иҟоуп аобиективтә проблемақәа, ауадаҩрақәа", - ҳәа Бараҭелиа иажәақәа аанагоит Аминистрцәа реилазаара асаит.
Аиԥылараан иазгәаҭан "акомеррциатә банкқәа ироуа анапынҵа ҵыԥх уажәааны аасҭа 60 % рыла еиҵоуп, аклиентцәа иамырхуа аԥара 45% еиҳахеит ҳәа. Ҳазҭоу ашықәс, хәажәкырамзазы абанкоматқәа ирҭыган миллиардки 300 миллиони мааҭ, мшаԥымзаз – миллиардки 100 миллионки мааҭ. Ииасыз ашықәс хәажәкырамзазы абанкоматқәа ирҭыган 750-800 миллион мааҭ" ҳәа.
Бараҭелиа иҳәеит уаанӡа Амилаҭтә банк акоммерциатә банкқәа ирабжьнагеит афинанстә ҭагылазаашьа аԥараԥсахцәа рзы ибааԥсны иҟалар, ауал ареструктуризациа азырурци аштрафтә санкциақәа мап рцәыркырци.
"Акоммерциатә банкқәа рнапынҵатә ресурсқәа иахьа иззырхоу аиҳарак аоперациатә кассақәеи абанкоматқәеи рхарҭәаароуп. Ихадоу – ауааԥсыра анапынҵа ԥарала реиқәыршәароуп. Иҟоу ауадаҩрақәа ирыхьмырԥшыкәа аус аӡбра ҳаҿуп", - ҳәа иҳәоит Бараҭелиа.
Бараҭелиа иара убасгьы иазгәеиҭеит аԥара алазҵо рхыԥхьаӡара ишагым. Уи акәым, аекономикатә кризис аан аԥаралаҵаҩцәа ҿыцқәагьы анцәырҵуа ыҟоуп иҳәеит иара.
Аицәажәара хыркәшо аԥыза-министр Александр Анқәаб агәыӷра ааирԥшит атәылаҿ аҭагылазаашьа ҭышәынтәалап ҳәа, уи аекономикеиԥш абанктә секторгьы анырра бзиа анаҭап ҳәа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аԥсны Амилаҭтә банк аусура аихшьаалақәа ҟанаҵеит