Аекономика аминистр Аҳәынҭстатистика аилак аусура иагу азгәалҭеит

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озганԥҳа лаҵара 20 рзы Астатистиказы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Кама Гогьиаԥҳа длыдылкылеит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 20 – Sputnik. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани Астатистиказы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Кама Гогьиаԥҳаи реиԥылараан Кристина Озган илҳәеит есышықәсатәи аизга "Абхазия в цифрах" аҟны атәыла асоциал-економикатә ҿиара еиҳа инарҭбааны иаарԥштәуп ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит аминистрра асаит.

"Аекономикаҿы иҟоу аҭагылазаашьа анализ азура азырхиараан ауадаҩрақәа ҟалеит иҟаҵәҟьоу аҭагылазаашьа аилкааразы. Аилак аҿы абри аганахьала аусурақәа шымҩаԥысуазгьы, абзиарахь аиҭакрақәа шыҟазгьы, арбагақәа аҟәшақәа зегьы нарҭбааны иудырбом", - лҳәеит аминистр.
Анардадаҩцәа еиҵадырхеит: Камантәи амҩа ҩымз рыла иалгараны иҟоуп

Лара ҿырԥшыс иаалгеит атуризм. Уи хазы игоу акатегориала иаарбам, убри азы ари аусхк аҟны иҟаҵәҟьоу аҭагылазаашьа аилкаарагьы уадаҩуп. Уи адагьы Озган иазгәалҭеит "атранспорт", "ақыҭанхамҩа" уҳәа егьырҭ аҟәшақәа рҟынгьы иҟоу аҭагылазаашьа еилкаам аинформациа нарҭбаан иахьыҟам азы.

Аилак ахантәаҩы Кама Гогьиаԥҳа ари азы иазгәалҭеит аиҿкаарақәа рҟынтәи аҳасабырбақәа роураҟны аусбарҭа ауадаҩрақәа шамоу.

Астатистика асистема иахәҭоу аҩаӡарахь анагаразы Аекономика аминистрра ацхыраара ҳҭахуп ҳәа азгәалҭеит Гогьиаԥҳа. Кристина Озган уи дахаҵгылеит, илҳәеит апроцесс адгылара дшазыхиоуи иахәҭоу ареформақәа рымҩаԥгара шхымԥадатәуи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: