"1952 шықәса раахыижьҭеи ашьхаҟа сныҟәоит, усҟан раԥхьа санцоз 12 шықәса схыҵуан. Саб аԥсаса, ашьамаҟа иман. Усҟан арахә зегьы ашьха икарцон, избанзар иааӡон. Ҩымз-хымз арахә ашьха ианҳәы, аӡын рӷыҵгарагьы мариахоит. Ҳабацәа шықәсык ахь мызкы-ҩымз аҳауа рыԥсахуан. Ашьха ахарҵәы, ашә ргьама даҽакуп, ибзиоуп, изымфац ирыздыруам. Ажәытә анхацәа акыр зылшоз, излымшозгьы, ԥсыхәак ҟаҵаны, рырахә рыманы ашьха ицон. Рашәара 15 нахыс шьҭа уцар ҟалоит, цәыббрамзанӡа арахә ашьха иҟазароуп, иҳәыроуп, рымч ҭалоит. Ашьха шықәсык-ҩышықәса ицаз ауаҩы, игәы азыҳәо дҟалоит снықәыԥшындаз ҳәа, асанатори аҟны уцар ацкыс ашьха еиӷьуп, уа аҳауа ҷыдоуп, ауаҩы игәабзиара иацнаҵоит зегь рыла ҳәа сгәы иаанагоит", - иҳәеит Аргәын.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Қапба: знык ашьхацара иашьцылаз ауаҩы уи ала дычмазаҩымхар илшом