"Имӷьаӡо ахәра": Аахыҵ Уаԥстәыла Зартәи арыцҳара иаланҵәаз ргәаладыршәоит

Аахыҵ Уаԥстәыла иахьаҵанакуа аҳәынҭқарратә бираҟқәа лашьҭуп, Зартәи амҩаҿы аҭынч уааԥсыра ахьындырҵәаз аҭыԥ аҿы игылоу абаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵоит, имҩаԥгахоит амитинг.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 20 - Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла иргәаладыршәоит Зартәи арыцҳара иаланҵәаз. 1992 шықәса лаҵара 20 рзы ақыҭа Зар иахьаԥныз ақырҭуа фашистцәа Цхинвал иалҵны хеиқәырхара ицоз аҭынч уааԥсыра ндырҵәеит.

Ари арыцҳаратә хҭыс Аахыҵ Уаԥстәыла аҭоурых ҿыц аҿы ирыцҳара дуны иҟоуп. Иҭархан 36-ҩык, 12-ҩык ахәрақәа роуит. Иҭахаз рахьтә зегь иреиҵбыз 11 шықәса ихыҵуан, ириеҳабыз - 76.

Аԥсны адәныҟаполитикатә усбарҭа Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адышшыларатә шәҟәы нанашьҭит. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.

"Ауаҩытәыҩса ицәтәыму ақырҭуа агрессиа зыуацәеи зҭынхацәеи зыцәнарӡыз ауаа ргәаҵаҿы ахааназ имӷьо хәраны иаанхоит. Абри арыцҳара амш аҽны Аԥсны ауаажәлар Аахыҵ Уаԥстәыла ауааԥсыра ргәырҩа рыцеиҩыршоит, иргәаладыршәоит зыԥсҭазаарақәа ҿахырҵәаз", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Есышықәса лаҵара 20 рзы Аахыҵ Уаԥстәыла иазгәарҭоит абри арыцхә. Арыцҳара ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы 2007 шықәса рзы иаартын амемориалтә комплекс. Аскульптура амҵан ишьҭоуп иҭахаз рыхьыӡқәеи рыжәлақәеи зну амармалташь иалху ахаҳәцәқәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: