Бибилов: Аахыҵ Уаԥстәыла Урыстәыла иалалароуп

© Sputnik / Наталья Айриян / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов ауаԥс жәлар ракзаара мҩаԥгазарц ааԥхьара ҟаиҵеит.

АҞӘА, нанҳәа 7 — Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла Урыстәыла иалалароуп, ауаԥс жәларгьы џьарак еизакызароуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов нанҳәа 6 рзы ажурналистцәа данырԥылоз.

Sputnik Южная Осетия ишаанацҳауа ала, Бибилов иазгәеиҭеит ажәлар еиҟәшаны ишыҟоу, убри аан аҿиара шзалымшо, избанзар ажәлар идеологиак шакәу ирымазарц иахәҭоу. Иара игәаанагарала, уи алыршахоит Урыстәылатәи Афедерациа азеиԥш ҿиара иалахәны.

Қырҭтәыла нанҳәа 8, 2008 шықәса рзы "Градқәа" рыла Аахыҵ Уаԥстәыла алахысра иалагеит, ар аҳҭнықалақь Цхинвал ҟәыбаса ишьҭарҵеит.

Урыстәыла Аахыҵ Уаԥстәыла ауааԥсыра рыхьчаразы ар ареспублика иаланагалеит. Москва нанҳәа 26, 2008 шықәса рзы Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рсуверинитет азханаҵеит.

Аамҭақәак рышьҭахь Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи азхарҵеит: Никарагуа, Венесуела, Науру, Вануату, Тувалу, Шьамтәыла.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0