Аԥсны АҶА акурсантцәа жәахаҩык рыҩныҟа ихынҳәит

Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа иусдҵала акурсантцәа гәыԥ-гәыԥла ихынҳәуеит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 21 - Sputnik. Урыстәыла аҵара зҵо Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра акурсантцәа лаҵара 20 рзы Аԥсныҟа ихынҳәит ҳәа аанацҳауеит аминистрра асаит.

Даҽа курсантк акоронавирус шихьыз шьақәыргылоуп

Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа иусдҵала акурсантцәа еиҿкаарыла, гәыԥ-гәыԥла ихынҳәуеит.

Макьаназы ихынҳәхьо 13 курсант роуп, лаҵара 23 рзы аҽа жәаҩык ирзыԥшуп.

Акурсантцәа зегьы акоронавирус азы атестқәа ирхыжьуп, амашьына ҷыдала Аҟәаҟа, "Аиҭар" ахь иаагоуп 14-мш акарантин рхыргарц азы.

"Акарантин анырхыргалак, атестқәа еиҭархыжьхоит. Абри ашьҭахь дара аштаттә режим ала рнапынҵақәа рынагӡарахь инеиуеит", - ҳәа аҳәоит адырраҭара.

Адырраҭараҿы иара убасгьы иарбоуп АҶА амедицинатә ҟәша аусуҩцәа аԥсны-урыстәылатә ҳәааҿы рнапынҵақәа шынарыгӡо.

Ашоура арежим амониторинг адагьы аҳәаа иахысуа рзы аинформациа еизыргоит уи нахыс Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрреи аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи рахь анашьҭразы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: